АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Жьҭаара.2025

Амҵәышәмпыл азыҟаҵаҩцәа Станислав Сушьенкои Валери Барцыци ргәалашәара иазкыз атурнир хыркәшахеит Аҟәа ақалақь аҿы.

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә хәмаррақәа рышкол аҿы ихыркәшахеит Аԥсны Зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩцәа Станислав Сушьенкои Валери Барцыци ргәалашәара иазкыз аспорт аветеранцәа аҳәсеи ахацәеи ркомандақәа рыбжьара амҵәышәмпыл азы атурнир, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аицлабрақәа ирылагеит жьҭаарамза 8 рзы. Урҭ рхы аладырхәит Волгоград, Краснодар, Новосибирск, Тиумень, Ставрополь, Ростовтәи аобласт, Улиановск, иара убас Аԥснынтәи   аҳәса ркомандақәа ԥшьбеи ахацәа ркомандақәа фбеи.

Аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла аԥхьахәтә ҭыԥқәа абасала еихшахеит:

Ахацәа ркомандақәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааннакылеит Волгоградтәи акоманда, аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит Новосибирсктәи амҵәышәмпыласыҩцәа, ахԥатәи аҭыԥ ргеит Ростова-на-Дону аҟынтәи акоманда.  

Аҳәса ркомандақәа рыбжьара аиааира ргеит Краснодартәи амҵәышәмпыласыҩцәа, аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит Тиуменьтәи аспортсменкацәа, ахԥатәи аҭыԥ ргеит аҟәатәи амҵәышәмпыласыҩцәа.

Атурнир аԥхьахәгаҩцәеи аиааира згази ахраҿақәа, амедалқәа, агәаларшәагатә ҳамҭақа ранашьахеит. Атурнир аиҿкааҩцәа алахәылацәа зегьы иҭабуп ҳәа рарҳәеит иаадырԥшыз иҳараку аспорттә ҟазара аҩаӡареи аспорттә гәазҭазаареи амҵәышәмпыл абзиабареи рзы.


Read 40 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.