Хаҭалатәи аиндаҭлара афинал аҿы Нестор Болгариа ахаҭарнак Митко Генова асчиот 6:1, 6:0 ҳәа дииааит. Ҩыџьалатәи аицлабрақәа ихадоу аматч аҿы Нестор Цужбеи Александр Кириианови аҭыԥантәи адует ириааит асчиот - 6:2, 7:5 ала аиааира ргеит.
Нестор Цужба 13 шықәса зхыҵуа реилазаараҿы Урыстәыла еизгоу акоманда далахәуп, аспорттә клуб «Спартак» аҿы Урыстәыла Зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Алеқсандр Златоустови Анастасиа Мыскинеи рнапхгарала иҽазыҟаиҵоит. Иара аԥкьаҭмпыл ахь раԥхьатәи ишьаҿақәа еихигеит Аԥсны аспорт азҟаза Елизабет Акәыциа лнапхгарала.