АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 22:03

Бадра Гәынба Ҭҟәарчал арратә зыҟаҵарақәа ирылаху аҟәшеиҵақәа дырҭааит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада, Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ Хада Бадра Гәынба аоперативтә-стратегиатә зыҟаҵарақәа ирылархәу архәҭақәа дырҭааит.

Арезервистцәа реизарҭа аҭыԥқәа дырхыԥрааны, Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада  Ҭҟәарчал днеит, ара иҟоу аҭагылазаашьа, аҭыԥаҟны амчқәа рыргылара амҩаԥысшьа ибеит, дазыӡырҩит хаҭалатәи аилазаара азыҟаҵара, хархәара змоу атехника, азыҟаҵараҟны анагӡаразы иқәыргылоу ауснагӡатәқәа рынагӡашьа  иазку ажәахә.

Имҩаԥган азыҟаҵара иалахәыз арезервистцәа рықәыргылара. Азыҟаҵарақәа ргәаҭара амҩаԥгараан Адҵаҟаҵаҩ хада архәҭақәа рыдҵаҟаҵаҩцәа драцәажәеит, изыхәҭоу адҵақәа риҭеит, иацҵаны ауснагӡатәқәа рзықәиргылеит.

Адҵаҟаҵаҩ хада хаҭалатәи аилазаара, иара убас арезервистцәа ихы рықәкны ҷыдала иазгәеиҭеит иааиԥмырҟьаӡакәа аибашьратә зыҟаҵареи иеизаку аунагӡатәқәа қәҿиарала рынагӡареи иамоу аҵакы.

«Ари азыҟаҵара ахықәкы хадақәеи ауснагӡатәқәеи:

  • аҩаӡарақәа зегьы рыҟны иҟоу адҵаҟаҵаҩцәа аибашьратә зыҟаҵара, аҵакырадгьылтә хыхьчара амҩаԥгараан ар напхгара рыҭараҟны аԥышәа рыҭара;
  • аибашьраан аштаттә еиҿкаараҟны архәҭақәеи, ахәҭақәеи, аштабқәеи еиқәшәаны русеицура амҩаԥгареи аибашьратә уснагӡатәқәа рынагӡареи амҩаԥгара;
  • хаҭалатәи аилазаара абџьари атехникеи рхархәашьазы, аибашьраҟны рфункциатә напынҵақәа рзы ирымоу ашьцыларақәа реиҭашьақәыргылара;
  • ар аибашьра амҩаԥгара разыҟаҵашьа агәаҭара», – иҳәеит Бадра Гәынба.

Арезервистцәа ихы рықәкны, Адҵаҟаҵаҩ хада иацҵаны иҳәеит:

 «Аҩызцәа арезервистцәа!

Иацы шәара тәылауаан, иахьа аибашьратә архәҭақәа шәрылагылоуп, аррамаҵзурауаа рыстатус шәымоуп азыҟаҵарақәа рымҩаԥгара аамҭа зегьы аҩныҵҟа. Ари Аԥсадгьыл ахьчаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциала ишьақәыргылоу, 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз аибашьцәа ршьала ишьақәырӷәӷәоу изыхәҭоу ахыдҵақәа шәнаҭоит.

Аибашьра еилгеижьҭеи 32 шықәса рнаҩсгьы аӷа иганахьала ашәарҭа шыҟац иҟоуп, уи игәҭакқәа имԥасхӡац, иҿыцу, агибридтә ҟазшьа шьҭырхит ауп.

Уажәы «иҿыцу адунеитә еиҿкаара» ашьақәыргылара мҩаԥысуеит, жәларбжьаратәи ашәарҭадара асистема аҽеиҭанакуеит, уи иацуп арегионбжьаратә еимакқәа, еибашьрала урҭ реилыргара аҵакы есааира иазҳауеит. 

Абарҭ аҭагылазаашьақәа раан даҽа аамҭанык иеиԥшымкәа аҵак ду амоуп Арбџьар мчқәа аибашьра разырхиара, реибашьралшара аизырҳара , иахьеиԥш, абас еиԥш иҟоу азыҟаҵарақәа рылагьы.  

Аԥсны жәлар, 30 шықәса раԥхьеиԥш, аибашьра аамҭа шьаҭас, гәыцәс, уасхырс иамоуп, сгәы иаанагоит ишәыду аибашьратә ԥхықәра  хьӡы-ԥшала анагӡара шәылшоит ҳәа».

 

 

 

 

 


Read 54 times - Аҩаша, 14 Жьҭаара 2025 19:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.