АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Жьҭаара.2025

Аиҳабыратә еимадара аусбарҭа Аԥсны Аҳәынҭқарра аминистрцәа Реилазаараҟны аҳәынҭқарратә напхгара усбарҭа хаданы иҟалоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аиҳабыратә еимадара аусбарҭа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаараҟны аҳәынҭқарратә напхгара усбарҭа хаданы иҟалоит.

Амаҵзура аиҭарҿиаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба. Аиҭарҿиара инормативтә зинтә актқәа «Аимадаразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан амшьашәалара  иазырхоуп.

Амаҵзура аусура иацҵахоит ихымԥадатәиу аиҿкааратәи акадртәи аиҭакрақәа зегьы хыркәшахаанӡа.  

2025 шықәса мшаԥымза 18 аҟнытә Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала ишьақәырӷәӷәоу  Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара ашьақәгылашьа аԥсахрақәа алагалатәуп аилазаара IV аҟәша харҭәааны абри аҵакы змоу  апункт 10 ала: «10) Аиҳабыратә еимадара аусбарҭа».

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара иалнаршароуп Аиҳабыратә еимадара аусбарҭа азинмчқәа рышьақәыргылара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аминистрцәа Реилазаара Аиҳабыратә еимадара аусбарҭазы Аԥҟара анышьақәнарӷәӷәа инаркны амч рцәыӡит ҳәа иазхаҵоуп:

1999 шықәса абҵарамза 18 аҟнытә «Аиҳабыратә еимадара аусбарҭазы» Аԥҟара ашьақәырӷәӷәареи Аиҳабыратә еимадара аусбарҭазы аштаттә еихшанҵеи рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟа.

 


Read 65 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.