АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Жьҭаара.2025

Азанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхразы акурсқәа аатит Пицунда ақалақь аҿы.

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза  27 – 31 рзы Пицунда ақалақь,  В. Д. Лакоба ихьӡ зху абжьаратәи ашкол аҿы ареспублика азеиԥшҵараиурҭақәа рҿы аус зуа аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәеи алагарҭатә классқәа рырҵаҩцәеи рзы имҩаԥыслоит азанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра иазку акурсқәа.

Асеминарқәа мҩаԥыргалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет, Армавиртәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Университети Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә Университети рхаҭарнакцәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит ареспублика аҵара Аминистрра апресс-маҵзура.

Акурсқәа раартра иазкыз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит аҵара аминистр Хана Гәынбеи аминистрра ахаҭарнакцәеи.

Лықәгылараҿы аҵара аминистр Хана Гәынба еизаз зегьы аҵаратә усмҩаԥгатә алагалара рыдылныҳәалеит, иара убас урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҟынтәи лколлегацәа Аԥсны аҵара Аминистрреи атәыла арҵаҩратә еилазаара зегьи рыхьӡала иҭабуп ҳәа ралҳәеит иҟарҵаз адгылара азы.


Read 62 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.