«Аԥсны аихамҩа» адәыӷбақәа рыхәԥса ашәара мап ацәыркит, урҭ русураамҭа аҿҳәара нҵәеит, уаҳагьы рхархәара иаԥсам ҳәа иԥхьаӡаны. Убри иахҟьаны, аилахәыра-аашьҭҩы аӡбарҭаҿы иашшит, аӡбарҭа 2024 шықәсазы ашшымҭа иақәшаҳаҭханы, «Аԥсны аихамҩа» аԥхьаӡамҭақәа «ҵаанаркит».
Аԥсны аҳҭнықалақь Абжьаҟазаратә ӡбарҭа ЗҲәА «СП Путь-А» Абжьаҟазаратә ӡбарҭа нанҳәамза 5, 2025 шықәсазы иаднакылаз «Аԥсны аихамҩа» аԥхьаӡамҭақәа «рҵааркра» азы аӡбаратә акт аԥыхразы Аӡбамҭа азы акассациатә ашшра ианахәаԥш ашьҭахь Абжьаҟазаратә ӡбарҭа уаанӡа иаднакылахьаз аӡбамҭа ԥсахрада ишыҟаз иааннажьит.
Ареспублика Аԥсны Абжьаҟазаратә ӡбарҭа акассациатә инстанциа алкаа азакәанмчы аиуоит уи адкылара амш инаркны. Уи азашшра ҟалоит аӡбамҭа азакәанмчы аиура амш инаркны жәымз ирылагӡаны ахылаԥшратә инстанциа аӡбарҭа аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи Аихамҩа» апресс-маҵзура.






