Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсуа милаҭтә хәмарра «Аимҵакьачара» азы актәи ачемпионат иахьа Аҟәа ақалақь, Ареспубликатә стадион аҿы иалагеит.
Аиааира агаразы еицлаблоит ԥшь-командак: аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1, «Ҷлоу», «Кәтол», афонҿыцтәи «Аԥсар» еизгоу акомандақәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Ачемпионат аартра иазкыз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит аспорт азы Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Ахра Ашәба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба, иара убас Адунеизегьтәи Аԥсуа-база жәлар Рконгресс аҟәатәи аофис анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа.
Атурнир хә-туркны имҩаԥгахоит, уи Аԥсны ақыҭақәа жәпакы амҽханакуеит.
Аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа Рфедерациа аӡбамҭала, ачемпионат амҩаԥгара инамҩатәны 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәмарыҩцәа рыбжьара аиуниорцәа раԥхьахәгара мҩаԥгахоит. Уи рхы аладырхәуеит Аҟәа, Дәраԥшь, Ԥақәашь, Ҷлоу ахаҭарнакра назыгӡо акомандақәа хәба.
«Аимҵакьачара» — аԥсуа жәлар рмилаҭтә хәмарроуп, регби ахәмарра еиԥшуп. Ҩыџьа алабақәа кны, ампыл ҩхалаҵаны, лабала иасны, досу икоманда ириҭо ампыл асратә хәмарроуп.