АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 21:09

«Амшынеиқәафымцамч» аусзуҩцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара шьҭырхуеит Волжсктәи аӡфымцатә Станциа аҿы.

Аҟәа. Жьҭаарамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» жәаҩык аспециалистцәа Волжсктәи аӡфымцатә станциа аҿы рыквалификациа ашьҭыхра азы акурсқәа ирхысуеит.

Аҽазыҟаҵарақәа еиҿкаахеит жьҭаарамза 25 инаркны жьҭаарамза 31 аҟынӡа Аԥсни Урыстәылеи  аенергетика Аминистррақәа рыбжьара ибжьаҵаз аиқәыршаҳаҭрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳәа адырра ҟанаҵоит аенергетика Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҽазыҟаҵарақәа аилахәыра «РусГидро» аҿы апрограмма «Аӡфымцатә станциақәа ихадоуи ицхыраагӡатәуи амаругақәа роперативтә напхгареи рхархәареи» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит. 

 


Read 33 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.