«Шәара шәахьаҳҭааз даара ҳаигәырӷьоит, ҳтәыла ашьхареи амшын аԥшаҳәеи шәгәаԥхеит ҳәа агәыӷра ҳамоуп. Аԥсны аԥсабара — ҳара ҳмалқәа ирмалуп, уи аиқәырхаразы иҳалшо ҟаҳҵоит», — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Хана Гәынԥҳа.
Лара иазгәалҭеит аминистрра урыстәылатәи арегионқәа рымадара аринахысгьы арҿиара ишазхиоу.
Анапхгаҩы Марина Груздова зхадараҿы дыҟоу аделегациа аилазаараҿы иҟоуп 15-ҩык ахәыҷқәеи хҩык аиҳабацәеи. Урҭ апрограмма «Аԥсныҟа аеко-ныҟәара» апрограммала иааит. Дара ареспубликаҿы хәымш иҟан, аӡиа Риҵа, Афон Ҿыц, Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра иаҭааит.
Марина Груздова аныҟәара аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа ралҳәеит ибзиаӡаны имҩаԥгаз аусуреи игәылҭәааз акультура-рккаратә программеи рзы.
«Псковтәи аобласт ахьӡала ҳара гәыкала иҭабуп ҳәа шәаҳҳәарц ҳҭахуп адкылара шьахә азы, иара убас иазгәаҳҭоит акультура-рккаратә усхкы аҿы аринахысгьы аусеицура ҳшазхиоу. Ари апроект ҳара ҳзы акыр аанагоит. Аиашараҿы инхо ахәыҷқәа рзы арахь ҭагалан азы иааны аԥхын абара – иџьашьахә дууп, хра злоу ԥышәоуп.
Аҵара Аминистрра азеиԥш, абжьаратәи, азанааҭтә ҵара аҟәша аиҳабы Маиа Цыбулевскаиа аепкологиа-рккаратәи акультура-ҵарадырратәи аҵаратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥышәатә ҭаара аан ирҳаз хра злоу аԥышәа азгәалҭеит.
«Ари апроект ҳтәылақәа рҿы инхо аҿар аимадара рыбжьаҵара еиԥш акыр ибеиоу Аԥсны афлореи афаунеи дырбаразы хра злоу лшараны иҟоуп», -ҳәа иазгәалҭеит лара.
Аҭаара аамҭа, жьҭаарамза 24 – 28 ирҭагӡаны апроект алахәылацәа Риҵатәи ареликтә-милаҭтә парк, Аԥснытәи аҭҵаара-дырратә абнатә ԥышәатә станциа, Пицунда-Мысратәи аҳәарԥсарра, уҳәа аҭыԥ ԥшӡарақәа ирҭаартә еиԥш алшара рзаԥҵан.
Аҵаҩцәа рҭаара иазкны ргәаанагарақәа рҳәеит. Убас, Псков ақалақь аҟынтәи ажәабатәи акласс аҵаҩы Константин Иванов зегьы реиҳа даршанхеит, акырӡа игәаԥхеит Афонҿыцтәи аҳаԥы.
Раԥхьаӡа акәны Аԥсны иаҭааз, Псков ақалақь абжьаратәи ашкол №3, 10 акласс аҵаҩы Алеқсандр Никитин Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иԥсҭазаара зегьы иблала амшын абара гәазыҳәараны иман ҳәа иҳәеит.
«Ари аҭаара иабзоураны сара сыблала избеит Амшын Еиқәа, амшынтә аҳауа цқьа сфеит. Ҳара акыр ирацәаны хра злоу аматериал ҳауит, ҳдыррақәагьы ирыцаҳҵеит», - ҳәа иҳәеит иара.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз аделегациа алахәылацәа зегьы Аԥсны аҵара Аминистрра ахьӡала агәаларшәагатә ҳамҭақәа ранашьахеит.






