АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 21:09

Аԥсныҟа иааит ззанааҭ хырхарҭала еиуеиԥшым Урыстәыла Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа ргәыԥ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсныҟа иааит ззанааҭ хырхарҭала еиуеиԥшым Урыстәыла Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа ргәыԥ.

Урыстәылатәи аиқәырхаҩцәа раара хықәкы хаданы иҟоуп – аԥснытәи рколлегацәа изаамҭанытәиу апроблемақәа рыӡбараҿы ацхыраара рыҭара, аусура аҩаӡара ашьҭыхразы аԥхьанатә иҟаҵатәу ауснагӡатәқәа ралкаареи атехникатә еиқәыршәареи иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рцәырҵраан ареспублика ауааԥсыра рыхьчара иазку ауснагӡатәқәа рынагӡара аҿы иҿыцу азнеишьақәа ралкаареи рганахьала адгылара рыҭара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Аусуратә амчыбжь зегьы иалагӡаны урыстәылатәи аспециалистцәа Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра араионтә ҟәшеиҵақәа зегьы рҿы аус рулоит, аԥснытәи рколлегацәа русура аҷыдарақәас иаҵоу еилыркаауеит, аҟәшеиҵақәа хазы-хазы рҭаххрақәа еилыркаауеит.

Иарбоу аҭаара аихшьаалақәа рыла, Урыстәылеи Аԥсни Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистррақәа еицынарыгӡараны иҟоу ауснагӡатәқәа рыплан шьақәыргылахоит. Урыстәыла аиқәырхаратә хылаԥшырҭа аусзуҩцәа ргәыԥ Аԥсныҟа аара азы аӡбамҭа рыдыркылеит Москва имҩаԥысыз аминистрцәа Алеқсандр Куренкови Лев Кәыҵниеи реиԥылара аихшьаалақәа рыла.


Read 21 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.