АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 22:45

Цәыббрамза 30 амҩаҿы игылоу аҩны №8, Аҟәа имҩаԥысыз аицлабра «Иреиӷьу аҟәатәи ашҭа» аҿы аиааира агеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш азгәаҭара иазкны ихацыркыз аицлабра «Ашҭа цқьа» аихшьаалақәа ҟаҵоуп. Аицлабра «Аԥсны Акоманда» афиналистцәа, агәыԥ «Аекологиатә бзазара», «Акультуратә коди амалқәеи» раԥшьгарала, Аҟәа ақалақь Ахадара адгыларала аҩнеихагылақәа рышҭақәа рҟынтәи еиҳа ицқьоу ашҭа азы аицлабра мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара апресс-маҵзура.

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе зхадараҿы дыҟоу акомиссиа агәараҭақәа рсанитартә ҭагылазаашьа, реиқәыршәазаара, реиҿкаашьа, рыриаҵәара, рырԥшӡара, ашәҭқәеи аҵиаақәеи рырацәара, ауааԥсыра асеиԥш аиҿкаашьа рҽалархәра, уҳәа ахьынӡазаларшоу гәарҭон. Аконкурс ахь иалаҵан азыҳәамҭақәа 15.

Аконкурс аихшьаалақәа рыла аиааира агеит  Цәыббрамза 30 амҩаҿы игылоу аҩны №8 ашҭа. Уи «Иреиӷьу аҟәатәи ашҭа-2025» ҳәа ахьӡ аиуит. Ари ашҭа 2026 шықәсазы аиқәыршәазаара аплан иалаҵахоит. Иара убас иалкаахеит Агрба имҩала игылоу аҩнеихагыла № 8; Семерџьиев имҩала игылоу аҩнеихагыла №142; Аршба имҩала игылоу аҩнеихагыла № 25 ашҭақәагьы. Араҟа инхо ауааԥсыра аиқәыршәазаара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа активла рхы аладырхәуан.

Авҭандил Сурманиӡе аицлабра зхы алазырхәыз зегьы иҭабуп ҳәа раҳәо адырра риҭеит урҭ зегьы доусы рышҭақәа рыриаҵәаразы аиҭаҳатәқәа рыла ишеиқәыршәахо.


Read 24 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.