АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 21:22

Алеқсандр Беглов Аԥснынтәи иааз ашколхәыҷқәеи аколлеџь астудентцәеи дырԥылеит.

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Санкт-Петербург агубернатор Алеқсандр Беглов абҵарамза 2 рзы аҟыбаҩ злоу Ракадемиа аҿы  дырԥылеит аԥснытәи ашколхәыҷқәеи аусхкырацәатә колеџь астудентцәеи. Абри азы Смольныи апресс-маҵзура ахь азхьарԥш ҟаҵо иаанацҳауеит ателеканал «Санкт-Петербург».  

Санкт-Петербург агубернатор Алеқсандр Беглов иааԥхьарала жьҭаарамза 25 инаркны алагерь «Заря» аҿы рыԥсы ршьоит 42-ҩык ашколхәыҷқәа, 8-ҩык астудентцәа, урҭ ирыцу 5-ҩык аиҳабацәеи.

Дара рзы еиҿкаахеит иҷыдоу апрограмма «Заряжайся осенью!», иазԥхьагәаҭоуп азҩыдатәратә, акультура-рккаратә усмҩаԥгатәқәа, активла аԥсшьараамҭа ахгара.

Санкт-Петербург ақалақь еиҳа инарҭбааны аилкааразы аекскурсиақәа еиҿкаахоит, Крoнштадт, Урыстәыла аихамҩатә транспорт амузеи Хада, амультимедиатә аҭоурыхтә парк «Рoссия — Мoя истoрия» иаҭаараны иҟоуп. Акoллеџь астудентцәа рзы еиқәыршәоуп урҭ азанааҭтә ҟазара Ачемпионат «Азанааҭдырҩцәа» («Прoфессиoналы») афинал ралахәхаразы разыҟаҵара иазку апрограмма.  Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит акулинартә ҟазара Аколлеџьи атуризми ахархәаратә технологиақәеи Рколлеџьи рҿы.

Аиԥылара аламҭалазы Аԥснытәи аделегациа Смольныи ахь аныҟәара мҩаԥыргеит, аҟыбаҩ злоу Ракадемиа аҵаратә классқәа рбеит. Аҿар Петербург аҭоурых иазкны имҩаԥгаз авикторина рхы аладырхәит.

Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Алеқсандр Беглoв Урыстәыла Ахада инапынҵала аекономика, аҵарадырра, агәабзиарахьчара, уҳәа егьырҭ аусхкқәа жәпакы рҿы Аԥсны аус ацура арӷәӷәара мҩаԥысуеит ҳәа иазгәеиҭеит. Убас, 2024 шықәса, рашәарамзазы Петербург ақалақь аҿы иаатит Ареспублика Аԥсны Ҳаҭыр зқәу Ахаҭарнакра.  

«Ҳара ҳажәларқәа аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп. Ҳара иаҳзеиԥшу аҭоурыхи агәалашәареи ҳамоуп. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа ашықәсқәа раан аԥснытәи аибашьцәа хацәнымырха аӷа иҿагылан. 17-нызықьҩык ҭахеит усҟан. Аԥсны иалҵыз 23-ҩык аибашьцәа Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранашьахеит», – ҳәа иҳәеит Алеқсандр Беглoв.

Агубернатoр иазгәеиҭеит «ҳара ҳажәлар ҷыдала ҳаҭыр дула дыргәаладыршәоит Асовет Еидгыла ҩынтә Афырхаҵа, 207-тәи ақәхратә авиациатә дивизиа акомандаҟаҵаҩ Витали Пoпкoв. Алегендартә ԥырҩы ихәыҷра ашықәсқәа зегьы Аԥсны ихигеит. Уи ихьӡ Гагра иҟоу, иара ианиаамҭаз аҵара ахьиҵоз абжьаратәи ашкол иахҵоуп».

Агубернатoр ҷыдала иазгәеиҭеит, Аԥсны иалҵыз 600-ҩык аибашьцәа амацәаз иҭакыз Ленинград ақалақь ахьчаразы ишгылаз. «Ҳара урҭ рфырхаҵара наунагӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит. Пискариовтәи аԥсыжырҭа аҿы иҟоу Агәалашәара Аллеиа аҿы ишьақәыргылоуп амемориалтә хаҳәцәы «Амацәаз иҭакыз ақалақь Ленинград ахьчаҩцәа – Аԥсны иалҵыз афырхацәа рзы»», -ҳәа  иазгәеиҭеит Алеқсандр Беглoв.

Ахәыҷқәа рызҵаарақәа рҭак ҟаҵо, агубернатор еизаз иргәалаиршәеит, Петербург 2024 шықәса раахыс апроект «Жәларбжьаратәи аҿартә сменақәа» («Международные молодежные смены») шынанагӡо. Ақалақь иаднакылоит Урыстәыла арегионқәа рҟынтәи адагьы егьыртә атәылақәа рҟынтәигьы ахәыҷқәа. Уажәы алагерь «Молодежное» аҿы рыԥсы ршьоит аиашьаратә қалақь Мариуполь жәа-школк рҟынтәи ахәыҷқәа. Аԥхынра Санкт-Петербург иаднакылеит Курсктәи аобласт аҟынтәи ахәыҷқәа.

Традицианы ишьақәгылеит ашколхәыҷқәа аныҳәа «Алые паруса» ахь рааԥхьара. Сынтәа уи рхы аладырхәит Аԥсны, Белорусь, Киргизиа,  Молдова, Узбекьысҭан, Куба, Венесуела, Африка атәылақәа, уҳәа рҟынтәи 500-ҩык инарзынаԥшуа ашкол аушьҭымҭацәа.  2026 шықәсазы ари анҳәа ахь убасҵәҟьа ааԥхьара роуеит еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи ахәыҷқәа, Аԥснытәи аушьҭымҭацәагьы уахь иналаҵаны.  

Аԥснытәи аҿар рызҵаарақәа аиҳарак аҵараиурҭақәа рҿы аҵара иадҳәалахеит. Алеқсандр Беглов еиҭеиҳәеит Аԥснытәи ахәыҷқәа Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара аквота ала Петербург иҟоу аҵараиурҭақәа ирҭалар шалшо. Уи азы Урыстәыла аҵарадырреи анаукеи Рминистрра асаит ахь аҭалара шықәсык шагу азыҳәамҭа дәықәҵатәуп ҳәа иазгәеиҭеит. Аквота аиура алыршахазар, усҟан адкыларатә ԥышәара иахыстәуп, насгьы иара убас аҵаратә виза еиқәыршәатәхоит. Астудентцәа иара убас апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны иҟоу аҵараиурҭақәа рҟынтәи Санкт-Петрбургтәи аҵараиурҭақәа рахь ииасны анаҩстәи рҵара иацырҵарц рылшоит.

«Ҳара ҳҽазаҳшәеит Санкт-Петербургҟа шәвизит аиашазы иухамышҭуа ҭаараны иҟаларц, иҿыцу адыррақәеи ацәаныррақәеи шәынаҭарц, хра злоу аимадарақәеи аԥхара зҵоу агәалашәарақәеи шәзыннажьырц азы иҳалшоз зегьы ҟаҳҵеит», - ҳәа иҳәеит Алеқсандр Беглов.

Арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи агубернатор иҭабуп ҳәа иарҳәеит аԥхара зҵоу адкыларазы, инарҭбаау, акыр аинтерес зҵоу апрограмма азы, иара убас Петербург ақалақь абаразы ирзаԥҵаз алшара шьахә азы.

«Урыстәылеи Аԥсни  – аиҩызара шьахә зыбжьоу, зеизыҟазаашьақәа аиҳәшьцәа реизыҟазаашьақәа иреиԥшу қалақьқоуп. Идуӡӡан иҭабуп ҳәа раҳҳәарц ҳҭахуп ҳара ҳҭаара еиҿызкааз зегьы», – ҳәа илҳәеит аиԥылара иалахәыз Анна Керселиан.

Агубернатор ахәыҷқәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит Санкт-Петербург ахь  ирымоу аинтересс азы, ирзеиӷьаишьеит аҵара аҿы ақәҿиарақәеи рнапы зларкуа аусқәа зегьы рҿы аманшәалареи.

 

 

 

 

 

 

 

 


Read 95 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.