АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 21:22

Аԥсны 9 мыз рыла афымцамч ахархәара 1,79 млрд кВт•с. рҟыӡа инаӡеит.

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аенергетика Аминистрра аофциалтә сат аҿы ианнаҵеит атәыла аенергетикатә усхкы аҿы иҟоу аҭагылазаашьа азы адырраҭара.

Аԥсны ҳаамҭазтәи аенергетикатә усхкы аҭагылазаашьа акыр иқәсхьоу аҳатә еиқәыршәагақәа рыла иҳәаақәҵахоит.  Убри иахҟьаны афымцамч анашьҭраан афымцамч ацәыӡра, хазы игоу ахҭысқәа раан – аихшаратә ҳақәа рҿы илаҟәу амчхара ахь инанагоит.

Иара убас иажәхьоу аиқәыршәагақәа рахь аԥсахга хәҭақәа раналогқәа ыҟаӡам, избан акәзар ас еиԥш иҟоу аиқәыршәагақәеи амаругақәеи уаҳа иҭрыжьӡом. Атехникатәии аекономикатәи ацәыӡқәа рырмаҷразы иажәхьоу аиқәыршәагақәа рмодернизациа амҩаԥгара хымԥадатәиуп. Убасҵәҟьа аԥхьаӡагақәеи ҳаамҭа иақәшәо аинформациа-технологиатә системақәеи рышьақәыргылара ахәҭаны иҟоуп.

Иарбоу аусмҩаԥгатәқәа зегьы афымцаҳатә нхамҩа аҿиаразы аинвестициақәа рҭахуп. Абзазаратә усура аҿы аусура ахаҭабзиара ашьҭыхра, аҳатә нхамҩа аныҟәгаразы аобиективтә економикатә ныхтәқәа ҳасаб азызуа ишьаҭарку атарифтә политика, иара убас асоциалтә факторқәа адунеи зегьы аҿы иазхаҵоу, ихадоу, аекономикеи ахархәаҩцәеи еиԥҟьарада афымцамч ала реиқәыршәара  зылшо иҭышәынтәалоу аенергосистема аԥҵара иазырхоу  аинструментқәаны иҟоуп. Ҳазҭоу ашықәс азы атәыла араионқәеи ақалақьқәеи рҿы аиҭашьақәыргылара-профилактикатә усурақәа мҩаԥган.

Иацҵоуп звольтҳараку ацәаҳәа 35 кВ «Мықә», аҿы ихацыркыз амодернизациа, уи ацәаҳәа аушьҭратә лшара иамоу ақәыӷәӷәара ланарҟәуеит иҳараку аӡынтәи ақәыӷәӷәарақәа раамҭахәҭа аан иҭышәынтәалоу афымцамч ала аиқәыршәара  еиԥзырҟьо лассы-лассы иҟало аԥкрақәа рзы ашәарҭарақәа ықәнагоит.

Афымцатә станцеиҵа «Дранда» аҿы иҿыцу атрансформаторқәа рышьақәыргылара азы аусурақәа мҩаԥысуеит, уи атрансформатортә мчхара аганахьала иҟоу адефицит ықәнагоит.

Сынтәа Аҳәынҭқарра Ахада  инапынҵала  ашьха иаԥну ақыҭа Ԥсҳәы аҳатә нхамҩа ипрецендентдоу амодернизациа мҩаԥгахеит. Еиӷьтәуп 10 кВ аҳақәа, 5 км. аҵкьыс иҳаракны  СИП ҳәа изышьҭоу афымцамҩангагақәа рзы аихатәы ашьаҟа ҿыцқәа шьақәыргылахеит, иара убас Ԥсҳәытәи Аӡфымцатә Станциа ахыбра, аӡыдкыларҭа, аӡфымцатә станциа азы агенераторқәеи атурбинақәеи реиҭашьақәыргылара мҩаԥган.

Астанцеиҵа 10 кВ «Отобаиа», Астанцеиҵа 35/10 кВ «Рыхәтәи акариер», Астанцеиҵа «Алаҳаӡы», Астанцеиҵа «Бзыԥ 220», уҳәа егьырҭ аенергосистема аобиектқәа рҿы  планла иазԥхьагәаҭоу аиҭашьақәыргылара-профилактикатә усурақәа мҩаԥгахеит. Аԥхын Гагра, Гәдоуҭа, Очамчыра араионқәа рҿы мҽхакы ҭбаала амагистральтә фымцамҩангагақәа рыиасра аҭыԥқәа рыкәша-мыкәша арыцқьаратә усурақәа мҩаԥган. Ҭыԥқәак рҿы ас еиԥш аусурақәа 2014 шықәса раахыс имҩаԥырымгаӡацызт.  

Азакәанԥҵара инақәыршәаны, аԥхын, 2025 шықәса рзы Аԥсны Анапхгара Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Маҳадыртәи Аӡфымцатә Станциа» афымцаҳатә нхамҩа Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» ахь адкылара азы аӡбамҭа аднакылеит.  Уи араҟа афымцамч ахархәаразы ашәатәқәа реизгара ашьҭыхреи анаҩс урҭ хықәкыла Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Маҳадыртәи Аӡфымцатә Станциа» афымцамҩангагатә ҳақәа рмодернизациа амҩаԥгарахьы адәықәҵара алнаршеит.  Акыр шықәса рыҩныҵҟа  АУН «Маҳадыртәи Аӡфымцатә Станциа» абонентцәа рхала иажәхьоу рфымцамҩангагатә ҳақәа реиҭашьақәыргылареи авариақәа рықәгареи рзы аусмҩаԥгатәқәа нарыгӡалар акәын.

Иарбоуи егьырҭ аусмҩаԥгатәқәеи рынагӡара алыршахеит афымцамчҭиратә усхкы аҿы аусура арӷәӷәареи иҟоу атарифтә политика аҳәаақәа ирҭагӡаны ахатәы финанстә хархәагақәа раккумулиациеи иабзоураны.

Ишдыру еиԥш, иҷыдоу атехникатә еиқәыршәагақәа рыхәԥсақәа есышықәса иазҳауеит. Афымцамҩангагатә ҳақәа рмодернизациа азы аусурақәа аринахысгьы иацҵахоит, уимоу, урҭ рымҽхак арҭбаарагьы азԥхьагәаҭоуп.  

Ҭагалан-аӡынтәи аамҭахәҭа ахархәаҩцәа рзы еиҳа иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рҿы ахгаразы Егрытәи Аӡфымцатә Станциа аҿы иҟоу аӡытә ресурс еиҳа рационалла ахархәаразы аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥган.  Убас, нанҳәамза инаркны уахынлеи аԥсшьарамшқәеи раан Урыстәылантәи афымцамч акоммерциатә аашьҭра мҩаԥысуеит. Уи зыдҳәалоу иарбоу аамҭахәҭазы Урыстәылантәи афымцамч аашьҭра ахәԥса зегьы раасҭа илаҟәуп.

Аха убас ишыҟоугьы ҳара уи ааҳхәоит бжьаратәла Аԥсны иҟоу афымцамч азы абжьаратә тариф аасҭа 2 - нтә рыла еиҳау ахәԥса ала.  

Афымцмач азы иҟоу атарифқәа економикала ишьаҭаркны иҟаӡам, афымцамҩангагатә ҳақәа рныҟәгареи рмодернизациеи рзы ихымԥадатәиу аобиективтә ныхтәқәа азԥхьагәанаҭаӡом.

Иааизакны акоммерциатә афымцамч аашьҭра азы иахьазы иныхуп 261 млн. мааҭ.  

Арҭ аԥаратә хархәагақәа еиқәыршәан афымцамч ахархәаразы еизгаз ашәатәқәа рыла, иарбоу ахықәкқәа рзы абиуџьеттә хархәагақәа ралагаларада имҩаԥысит.  Убри инамаданы Егрытәи аӡфымцатә комплекс иатәу Џьвартәи аӡеизакырҭа аҿы иҟоу аӡы аҩаӡара абҵарамза 1 2025 шықәса рзы иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 56 метр рыла еиҳауп.

Атәыла аҿы афымцамч ахархәара ҳазҭоу 2025 шықәса жәымз рыла иҳаҩсыз аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар - 65 млн. кВт•с рыла иагхеит, уи  1,79 млрд кВт•с рҟынӡа инаӡеит. Аекономиа зызуз амҽхак (ԥарала 200 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит) афымцамч адефицит ахҩара ахь идәықәҵахо аныхтәқәа акыр рырмаҷра алнаршоит.

Ҳазҭоу 2025 шықәса 9 мыз аихшьаалақәа рыла ахархәара зауз афымцамч азы Ареспублика Аԥсны абонентқәа зегьы рҟынтәи ашәатәқәа реизгара аҩаӡара   52,2% рҟынӡа инаӡеит, цәыббрамзазы ари арбага 85,4% аҟынӡа инаӡеит.

Абонентцәа рхы иадырхәо афымцамч ииашаны ашьақәыргылара, иарбоу акыр зҵазкуа азҵаараҿы «ауаҩытәыҩсатә фактор» ацәхьаҵра алзыршо абиллингтә система аус адуланы алагалара мҩаԥысуеит. Ахархәаҩ ихатәы кабинет аԥҵара ахархәаҩ изы афымцамч ахархәаразы ашәатәқәа ршәареи ихатәы абоненттә ԥхьаӡара аҭагылазаашьа ацклаԥшреи рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара алнаршоит.

Афымцамч аџьармыкьа аҿы адунеизегьтәи адҵаалара адинамика есышықәстәи аизҳарала иҳәаақәҵахоит. Уи аекономика аҿы афымцамч  ессааира изызҳауа ароль ауп аиҳарак изыдҳәалоу.

2024 шықәса аихшьаалақәа рыла, Жәларбжьаратәи аенергетикатә агентра аекспертцәа иҟарҵаз алкаақәа рыла, афымцамч аҭаххра адунеизегьтәи аизҳара 4,3% рҟынӡа инаӡеит, уи аҵыхәтәантәи жәа-шықәса рыла абжьаратә рбагақәа раасҭа ҩынтә еиҳауп. Убри инамаданы, есааира изызҳауа афымцамч аҭаххара анагӡара зылшо амилаҭтә енергетикатә система аҿиара иарбанызаалак адунеи аенергосистема азы ихадоу хыдҵаны иҟоуп.

Амилаҭтә економикеи иааизакны ауаажәларратә еилазаареи хра злам анырра азҭо авариа дуқәеи амчхара адифицити ҳаԥхьаҟа рацәцаразы, Аԥсны аенергосистема ианаамҭоу имҩаԥгоу амодернизациа амҩала ицалар ахәҭоуп.  

 

 

 

 

 

 

 

 


Read 65 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.