АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 0:59

2 175 тонна амандарина Аԥсны иалганы идәықәҵахеит.

Аҟәа. Абҵаамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза  16 инаркны Урыстәылаҟа експорт ҳасабала идәықәҵоуп 2 175 тонна амандарина. Иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы експорт ҳасабла идәықәҵан 1 670 тонна амандарин, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аҿы.

Ацитрустә сезон алагара инаркны експорт ҳасабла идәықәҵахеит иара убас :

648 тонна афеихоа (665 тонна –2024 шықәсазы),

105 тонна ахәырма (102 тонна – 2024 шықәсазы),

100 тонна алимон (103 тонна – 2024 шықәсазы).

Ақыҭанхамҩа Аминистрра адыррақәа рыла, 33 нызықь тонна аԥснытәи амандарина асезон нҵәаанӡа експортла адәықәҵара азԥхьагәаҭоуп.


Read 61 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.