Аҟәа. Абҵарамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза, 2025 шықәса рзы аҳазалхратә шәатәқәа раҳасабала абиуџьет иалагалаз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 440,7 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Убри аан, планла иазԥхьагәаҭан  435 млн. мааҭ. Жьҭаарамзазы аплантә рбагақәа  101 % рыла инагӡахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы.
         
        
                
        
            
Ҳазҭоу ашықәс жәамз рыҩныҵҟа аҳазалхратә усбарҭақәа рыла зынӡа иахыԥхьаӡалахеит 3 млрд. 758,1 млн. мааҭ.  Уи иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны 349,7 млн. мааҭ рыла еиҳауп.
2025 шықәса жәамз рзы аҳазалхратә шәатәқәа рхыԥхьаӡаларазы аплан 100,2% рыла инагӡахеит.