АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Жьҭаара.2022

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АԤСНЫ ИҞОУ УРЫСТӘЫЛА АЦҲАРАЖӘҲӘАҨ МИХАИЛ ШУРГАЛИН ДИДИКЫЛЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иҟоу Аҷыдалкаатәи Азимчы змоуи Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин дидикылеит.

Аиԥылараҟны ирылацәажәеит ҩ-тәылак рыдәныҟаполитикатә еимадара жәларбжьаратәи амшхәаԥштә аҟны иқәгылоу иактуалтәу азҵаарақәа. Ишьақәырӷәӷәан арратә усхк аҟны иҷыдоу амаҵзурақәа русура аиҿкаара иазку ахықәкы.

Аиԥылара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут,  уи ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Ахьиба, 7-тәи урыстәылатәи арратә база адҵаҟаҵаҩ аамҭала и.н. Иван Гребенкин, Аԥсны Аҳәынҭқарра иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Андреи  Кудимов.

 

 


Read 432 times - Ахәаша, 14 Жьҭаара 2022 20:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.