Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит арҵаҩцәа раҧхьа ишышьҭоу ҳажәлар рзы аҵак ду змоу аус. Бадра Гәынба иҳәеит, ари ишаанамго аҭаацәарақәа рҿы ааӡара ҧсыҽуп ҳәа. Хықәкыс иҟоу здырра ҳараку, аҧсуара иқәныҟәоу, зыҧсадгьыл бзиа избо атәылауаҩ иааӡара шакәу.
Аҵара министр Хана Гәынҧҳа дазааҭгылеит арҵаҩцәа-амҩақәҵаҩцәа ралхра шымҩаҧысуаз. Аҵара аминистрра иазнархиеит ааӡаратә программа ҿыц абжьаратә ҵараиурҭақәа рзы аԥсуара шьаҭас иаҭаны, арҵаҩцәа -амҩақәҵаҩцәа имҩаԥырго.
Аҵара аминистрра аконкурс рыланаҳәеит, 61-ҩык аконкурс аҽалархәразы арзаҳал аларҵеит.
Апедагогикатәи апсихологиатәи ԥышәара иахысыз аиҿцәажәарахь иааԥхьан. Анаҩс арҵаратә программақәа рахь. Иахьатәи амш азы аԥышәарақәа ирхысны арҵаратә модуль рхы аладырхәуеит 18-ҩык. Арҵаратә модуль мҩаԥыргоит аҵарауаа, апедагогикатә институт, Аҵара аминистрра.
Аусура ақәкы: аԥсуа цәаҩала иӷәӷәоу ауаҩы иааӡара, зҭоурых иазҿлымҳау аҵаҩы ихдырра аарԥшра, Аԥсадгьыл азы ахамеигӡара аазырԥшуа ауаҩы иааӡара.
Ақәкы рдыруеит, иалхыз 18-ҩык анагӡара иазхиоуп.






