АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Абҵара.2025

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров жәлар ракзаара Амш идиныҳәалеит.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров амилаҭтә ныҳәа, жәлар ракзаара Амш инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.

 

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала  иазгәаҭоуп:

 

«1612 шықәсазы иҟалаз афырхаҵаратә хҭысқәа ргәалашәара иазку амилаҭтә акзаара Амш, адәныҟатәи ашәарҭарақәа рҿаԥхьа милаҭрацәалеи динрацәалеи еилоу Урыстәыла ажәлар реидгылареи аҭоурыхтә гәалашәареи ирсимволны иҟоуп. Иахьтәи аамҭазтәи аԥышәарақәа рҿаԥхьа, Урыстәыла иқәынхо ажәлар ауаатәыҩсатә доуҳатә мазарақәеи атрадициақәеи шьаҭас иҟаҵаны аҽеидкылара рылшоит, уи ииашаҵәҟьаны, зсуверенитети зхаҭара ахьчареи зҽазызшәо егьырҭ ажәларқәа рзы иҿырԥшыгоуп.

Аԥсны Аҳәынҭқарра даара рыхә ҳаракны иашьоит Урыстәылатәи Афедерациеи иареи ирыбжьоу астратегиатә еиҩызареи аиашьаратә еизыҟазаашьақәеи. Ҳара агәрагара ду ҳамоуп, иаҳзеиԥшу аҭоурыхтә гәалашәара, агәреибагара, аиашареи атрадициатә ҵакқәеи рыхьчара ирыҵанакуа ҩганктәи ҳусеицура ҩганктәи ҳаинырра арӷәӷәараҿы ихадоу факторны ишыҟоу».

 

 

 


Read 250 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.