АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Жьҭаара.2022

ИВАН ҬАРБА, ВАЛЕРИ БИГУААИ СУРАМ САҚАНИЕИ «АХЬӠ-АԤША» АОРДЕН III АҨАӠАРА РАНАШЬАХЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет арҵаҩцәа «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ранашьара азы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.

Анаукатә усура аҿы илагалеи, анаука-практикатә усура активла ахалахәреи, иара убас ззанааҭтә дырра аҩаӡара ҳараку аспециалистцәа разыҟаҵара аҿы рааԥсареи рзы аорден «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ранашьазааит:

- афилологиатә наукақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет апрофессор  Ҭарба Иван Дорофеи-иԥа.

- аҭоурыхдыррақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет апрофессор  Бигәаа Валери Левард-иԥа.

- Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет адоцент, аҟазарадырҩы Сақаниа Сурам Михаил-иԥа.            


Read 328 times - Асабша, 15 Жьҭаара 2022 16:05
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.