АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Жьҭаара.2022

ЛАША АШӘБА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМА АДЕПУТАТ ОЛЕГ СМОЛИН ДИԤЫЛЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи ААУ 90 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә аҽалархәразы иааз аҭҵаарадырреи, иреиҳаӡоу аҵараиуреи рзы Аҳәынҭқарратә Дума Аилак ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ     Олег Смолини реиԥылара.

Аиԥылара иалахәын: Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фазлыбеи Аҩӡба,  адепутатцәа Инар Саӡба, Инар Гыцба, Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа, ААУ аекономикатә теориа акафедра аиҳабы Александр Страничкин, Агуманитартә ҭҵаарақәа ракадемиа ахада Хачатур Мариносиан.

Аиԥылараҟны иалацәажәеит аԥсны-урыстәылатәи аусеицура иазку азҵаарақәа жәпакы, иара убас аҭҵаарадырреи аҵараиуреи ирыдҳәалоу азҵаарақәагьы. 

Аиԥылара мҩаԥысит аиҩызаратә, аилибакааратә ҟазшьа аманы.

 

 

 


Read 378 times - Амҽыша, 16 Жьҭаара 2022 12:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.