Ари автомашьына амеценатцәа ақалақь ҳамҭас иарҭеит. Уаанӡа аиԥш-зеиԥшу ҩ-машьынак Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба инапынҵала иаахәан.
20.Абҵара.2025
Аҳҭнықалақь акоммуналтә маҵзура автопарк иҿыцу атехника ҷыда ала ихарҭәаахеит.
Аҟәа. Абҵарамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара автопарк иҿыцу атехника ҷыда – агәамсам ақәгага амашьына «КамАЗ» ацлеит.
Аҳҭнықалақь Ахадара акоммуналтә маҵзурақәа иарбоу атехника азымхара рныԥшуеит. Есыҽны агәамсам ақәгага амашьынақәа ақалақь иахьаҵанакуа агәам еизыргоит, анҩс уи Гал араион аҿы иҟоу агәамсамеизакырҭа ахь иргоит.






