«Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба раԥхьа иргыланы ари амҩаҿы ацрыӡмҩангага амҩаԥгара азы адҵа ҟаиҵеит. Убас ала, ҳара иарбоу аҭыԥ аҿы километрак инарзынаԥшуа акоммуникациақәа шьақәҳаргылоит. Аӡымҩахгагатә усурақәа ҳара ҩ-етапкны еихаҳшеит: аусурақәа актәи аетап - 800 метрак рҟынӡа инаӡоит, анаҩстәи аетап азы 200 метрак маҷ инеиҳаны.
Ацрыӡмҩангага ашьақәыргылара иадҳәалоу аусурақәа рхыркәшара ҳазҭоу 2025 шықәса нҵәаанӡа иазԥхьагәаҭоуп, анаҩс иаразнак уаанӡа ишазԥхьагәаҭаз еиԥш Ваинахаа рымҩа бетонла ачаԥара иазку апроект анагӡара ҳалагоит», - ҳәа иҳәеит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба.






