АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Абҵара.2025

Аҳәынҭқарра Ахада Аҳәаахьчаратә усбарҭа анапхгареи ахатәы еилазаареи Аҳәаахьчаҩ имш рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аҳәаахьчаратә усбарҭа анапхгареи ахатәы еилазаареи Аҳәаахьчаҩ имш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы ахәҭакахьала иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу аҳәаахьчаҩцәа, аҩызцәа аофицерцәа!

Ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа — Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳәаахьчаҩ имш!

Аҳәаахьчаратә маҵзура аамҭақәа зегьы раан ахамеигӡареи, аҭакԥхықәреи, агәымшәареи ирсимволын. Аҳәаахьчаҩцәа роуп раԥхьа иарбанзаалак ашәарҭарақәа хацәнмырха ирԥыло, раԥхьа аҳәынҭқарра ашәарҭадара ахьчаразы игыло. Афырхаҵара, алеишәа, ахачҳара, аҭакԥхықәра дуӡӡа зҭаху ари амиссиа знапы иану— шәара есҽны шәыдгьыл ахьчара шәшазхиоу шьақәшәырӷәӷәоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Аҳәаахьчаратә усбарҭа аҭоурых — ари Аԥсадгьыл абзиабареи, ахачҳара дуи, ахамеигӡареи ртәы зҳәо ҭоурыхуп. Раԥхьатәи аҳәаахьчаратә отриад аԥҵан Ҳаԥсадгьыл зҭагылаз аамҭа хьанҭақәа раан, алахьынҵа аӡбара анымҩаԥысуаз, 1992 шықәса абҵарамза 20 рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашыкьымҭазы ҳмилаҭтә ԥхьагылаҩ Владислав Арӡынба изыӡбала.

Шәара Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверенитет ашьақәырӷәӷәараҟны, аҳәаақәа рыхьчараҟны шәлагаламҭа аҳаҭыр ду иаԥсоуп.  

Ҷыдала иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп аҳәаахьчаратә маҵзура аветеранцәа. Хәы змам урҭ рԥышәа, Аԥсадгьыл разыҟазаашьа иахьа аҳәаахьчаҩцәа рабиԥара ҿыцқәа зықәныҟәо атрадициақәа шьаҭас ирымоуп.

Иахьа шәара хьыӡла-ԥшал, азаанаҭдыррала шәҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рынагӡара шәаҿуп, Аԥсны жәлар шәара шәазыҟаҵара, шәпатриотизм, хамеигӡарада имҩаԥыжәго Аԥсадгьыл амаҵзура агәра ргоит.

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит агәабзиара, ахирра, аихьӡарақәа инашәыгӡо амаҵзураҟны. Ирыгымзааит шәыҩнаҭақәа еснагь аҭынчра, аԥхарра, аҳәоуеиқәшәара».

 

 

 


Read 61 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.