АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Жьҭаара.2022

АПРОГРАММА «АҚЫҬАНХАМҨА АҾИАРА» АҲӘААҚӘА ИРҬАГӠАНЫ 2022 ШЫҚӘСА НҴӘААНӠА 161 ПРОЕКТ НАГӠАХОИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Лана Ҵәыџьба/. 2022  шықәсазы ахылаԥшратә хықәкытә программа «Ақыҭанхамҩа аҿиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны, арахәааӡара, аҵиааӡара, ашәыр аус адулара, аԥсыӡкра, уҳәа ахырхарҭақәа рыла  161 проект ақәыршаҳаҭра роуит. Иарбоу апроектқәа рҟынтәи проеткқәак иахьа анагӡара мҩаԥысуеит, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.

Аминистр иажәақәа рыла, апрограмма абар шьҭа ҩы-шықәса ирылагӡаны қәҿиарала аус ауеит. Ақыҭанхамҩа аҿиара азы 2022-тәи ашықәс азы абиуџьеҭ аҿы иазԥхьагәаҭоуп  100 млн. мааҭ.    

«Сынтәа, иҳаҩсыз ашықәс азы еиԥшҵәҟьа, еиуеиԥшым ахылаԥшырҭақәа: Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа, аминистрцәа Реилазаара, Апарламент, афинансқәа Рминистрра, уҳәа рхаҭарнакцәа злаху акомиссиа аԥҵан.  Акомиссиа ақәыргылаҩцәа рыпроектқәа зегьы ирыхәаԥшуеит, анаҩс аҭыԥқәа рахь ицаны агәаҭарақәа мҩаԥнагоит, апроект иарбоу аинформациа ахьынӡаиашоу, ақәыргылаҩцәа адгьылтә ҵакырақәа рымоу-ирымаму, урҭ арахәааӡара иахьынӡанаало иахәаԥшуеит.  Уи аамышьҭахь ауп акомиссиа апроектқәа рышьақәырӷәӷәара анымҩаԥнаго», - ҳәа иҳәеит Беслан Џьопуа.

Уи апрограмма апринцип хада – ақәыргылаҩ баша афинансқәа изоужьра акәымкәа, Аминистрра ала апроект анагӡаразы ихымԥадатәиу аиқәыршәагақәа, амаҭәахәқәа, аинвентарь раахәарала ацхыраара аҭара ауп ҳәа иазгәеиҭеит. «Уи зыҟаҵахо ахықәкы иашьашәаламкәа аԥаратә хархәагақәа рныхра ҟамларц азы ауп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Беслан Џьопуа.

Ақыҭанхаҩа аминистр сынтәа ақыҭауаа рзы еиҳаны атехника аахәара алыршахеит ҳәа адырра ҟаиҵеит.  Уи – амотоблокқәа, атрактор- маҷқәа, иацрарҳәо адгьыл аус адуларатә техника, иара убас ацраҳәатә ақәырԥыҟҟагақәа роуп.

Беслан Џьопуа иажәақәа рыла, сынтәа иалкаахеит 161 проект, урҭ рынагӡаразы иаҭаххо аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ  76 млн 700 нызықь мааҭи рҟынӡа инаӡоит.  

«Ахықәкытә программа анагӡаразы абиуџьет аҟынтәи иазоужьхаз 100 млн. мааҭ рҟынтәи, ҳара  иара убас иҳамоу Амотор-трактортә станциақәа рзы аԥсахгатә маҭәахәқәа, еиуеиԥшым аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷақәа рҟынтәи аҵиаақәа рыхәышәтәразы рхы иадырхәо ахимиатә маҭәашьарқәа, уҳәа раахәара алҳаршоит», - ҳәа иҳәеит иара.

Аминистр иара убас иарбан хырхаҭақәоу ақәыршаҳаҭра зауз, насгьы урҭ рфинанстәра ашәгаақәеи рзы адырра ҟаиҵеит. Убас:

Арахәааӡара – зфинанстәра аицҵалыҵ 17 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо 41 проект. Урҭ рахьынтә зфинанстәра аицҵалыҵ 10 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо 30 проект арахәа ааӡара иадҳәалоуп.  

Аҵиааӡара зфинанстәра аицҵалыҵ 24 млн. 600 нызықь мааҭи рҟынӡа инаӡо – 56 проект, урҭ рахьынтә зфинанстәра аицҵалыҵ 5 млн. 384 нызықь мааҭи рҟынӡа инаӡо 9 арԥхаратә нхамҩақәа рзы, зфинанстәра аицҵалыҵ 19 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо, абаҳчарақәа рҿы  шықәсырацәа изызҳауа аҵлақәа реиҭаҳара иазку 47 проект анагӡара азы. Абаҳчақәа ирзоужьхо адгьылҵакырақәа 59 га рҟынӡа инаӡоит, акарпыжәи ашьынкеи рааӡара азы –  5 га, аџьықәреи, акартошь, уҳәа реиԥш иҟоу, шықәсык ицо акультурақәа рзы  –  15 га.

Аминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит ари ахархәаразы иалагалаз иҿыцу аплошьадқәа шраку. Урҭ уаанӡа аус рыдыруалаӡомызт. «Ҳара  ауаа уаанӡа арасеи аџьықәреи ахьаадрыхуаз адгьылқәа рҿы аиҭаҳара рабжьаҳгаӡом», – ҳәа иҳәеит Беслан Џьопуа.

Ашәыр аус адулара иазку апроектқәа – зфинанстәра аицҵалыҵ 23 млн. 547нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо 17 проект.

Имаҷу амеханизациа  – зфинанстәра аицҵалыҵ 8 млн. 871 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо  35 проект.

Аԥсыӡкра – зфинанстәра аицҵалыҵ 2,5 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо 3 проект.

Беслан Џьопуа апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Кәтол ақыҭан зхатәы инициативала 10 га инарзынаԥшуа амыӷ зхиааны иҟаз ачаитә плантациақәа ррыцқьара мҩаԥызгаз аҿар ацхыраара рыҭахеит ҳәа еиҭеиҳәеит.  

«Аха урҭ ачаи аус адуларазы иахәҭоу амаругақәеи аиқәыршәагақәеи раахәаразы аԥара рымаӡамызт. Ҳара урҭ ацхыраара аҳасабала 2 млн. 200 нызықь мааҭи раҳҭеит. Иахьазы, иҳамоу адыррақәа рыла, аиқәыршәагақәа шьақәыргылоуп. Мышқәак рышьҭахь агәаҭаразы урҭ ҳарҭаараны ҳаҟоуп. Ҳара ҳзы акырӡа аҵанакуеит Аԥсны ачаи аарыхра аусхкы аҟазаареи хра злоу аҿиареи, уи аалыҵ аҭыԥантәи аџьармыкьа аҿы ацәыргареи алыршара», - ҳәа иҳәеит атәыла ақыҭанхамҩа аминистр.

Убри аан, Беслан Џьопуа ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа апроектқәа рынагӡара азы ихымԥадатәиу зегьы шаахәахо азы адырра ҟаиҵеит. «Аҳәынҭқарратә ҿаҵақәеи аҳәынҭқарратә аахәареи рзы азакәан инақәыршәаны атендер алаҳәара хымԥадатәиуп, аха ари зеицҵалыҵ акыр идуум аԥаратә хархәагақәаны иахьыҟоу инамаданы, ажәалагалақәа митәык ирацәам. Атендер азы изныкымкәа-иҩынтәымкәа алаҳәарақәа ҟаҳҵар акәхоит, уи ,жәаҳәарада, аамҭа агоит», – ҳәа иҳәеит иара.

Ақыҭанхамҩа Аминистрра мышқәак раԥхьа апроектқәа рынагӡаразы иаахәаз аиқәыршәагақәа реихшара мҩаԥнагеит. Аминистрра ала шықәсык иалагӡаны етап-етапла иаахәахоит, анаҩс афермерцәа ирызшахоит амаҭәахәқәа, аиқәыршәагақәа, аинвентар.

Аминистр иажәақәа рыла, апроектқәа рзы аиҭаҳатәқәа раагара ауадаҩрақәа рыцуп.

«Урыстәыла ақыҭанхамҩа Аминистрра аҟынтәи ҳколлегацәа Аԥсны ақыҭанхамҩа Анаука-Ҭҵааратә Институт аҟны иҟоу ааӡарҭа (апитомник) аиҭаҳатәқәа рааӡара алзыршо атехника ала еиқәыдыршәеит.  Аха аиҭаҳатәқәа хы-шықәса еиҵамкәа ирхыҵуазароуп, убри аҟнытәи сынтәа ҳара урҭ аиҭаҳагатә материал аҳасабала ҳхы иаҳзархәаӡом, иааиуа ашықәса азы ауп уи анзалыршахо», - ҳәа иҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр.

Сынтәа арахәааӡара иазку апроектқәа рзы арахә арахәааӡаҩы Виктор Тәанба иҿы иаахәахоит.

Беслан Џьопуа иҳаҩсыз ашықәс азы ақыҭанхамҩа Аминистрра Ҭаҭарсҭан арахә аахәара инамаданы аусураҿы ицәырҵыз ауадаҩрақәагьы дырзааҭгылеит.

«Ҳара ҵыԥх ҳапроектқәа рзы иааҳхәараны ҳаҟан 108 хы арахә. Ҳара аҭыԥантәи арахәааӡаҩцәа ҳаҽрымаҳдон, аха урҭ ус еиԥш арахә рхыԥхьаӡара рымамызт. Ҳаиқәыршәаҩцәа Ҭаҭарсҭан, Набережные Челны аҿы иҟоу аиқәыршәаҩцәа рыҽрымардеит, аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, арахә иахәҭоу рхыԥхьаӡара аагаразы аҿаҵа ҟаҵан.  Азԥхьахшәаареи аҿаҵеи аныҟаҳҵа ашьҭахь урҭ арахә акарантин иқәдыртәеит.  Мызкы ашьҭахь ҳара урҭ ҳаур акәын, аха Краснодартәи атәылаҿацәа аҿы акарантин рыларҳәеит, убри инамаданы даҽа ҩымз урҭ шьҭа  рхатә харџь ала арахә ныҟәыргон. Убас иҟалеит аҵыхәтәан ҳара иҳауит 98 хы.  Арахә хәымш амҩа иқәын, атранспорт акәзар зынӡакгьы уи аҩыза аус  иақәнаго иҟамызм. Араҟа ианааи иԥсит 15 хы ажәқәа.  Ҳара иҳаураны иҟаз ахыԥхьаӡара аҵкьыс еиҵаны арахә ҳауит. Убри аҟнытәи Ҭаҭарсҭантәи аиқәыршәаҩцәа ҳаҽрымаҳдеит, анаҩс Ҭаҭарсҭан Абжьаҟазаратә Ӡбарҭа ахь арзаҳал дәықәаҳҵеит. Ҳара ҳинтересқәа уаҟа адгалара мҩаԥнагоит Ҭаҭарсҭан ақыҭанхамҩа Аминистрра. Уажәазы аӡбарҭа азыӡбара ҳазыԥшуп», – ҳәа иҳәеит Беслан Џьопуа.

Иара убас, ақыҭанхамҩа аминистр иажәақәа рыла, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Калмыкиа Ахада Бату Хасиков иҟынтәи аусеицуразы ажәалагала зну ашәҟәы иоуит.

Апунктқәа руак  ақыҭанхамҩа иадҳәалоуп. Урҭ дара рҿы арахә ааҳхәаларц алагала ҟарҵоит.

«Иҟалап иааиуа ашықәс азы Аԥсны ари аҭагылазаашьа рхы иадырхәар», - ҳәа иҳәеит Беслан Џьопуа.

Аминистр гәахәарыла иазгәеиҭеит сынтәа зфинанстәра мҩаԥгаз проектқәак қәҿиарала аус шыруа. Ҿырԥштәы ҳасабала уи иааигеит Ҭҟәарчал араион аҿы араса аус адулара иазку ацех, Гәылрыԥшь араион аҿы аус зуа ааԥсаатәфабрика, Гагра ақалақь аҿы аус зуа ашәырҩақәа рҭыжьра иазку ацех. Аргәыӡ –аҵыҵындра, аголубика аарыхра қәҿиарала зынагӡара мҩаԥысуа апроектқәагьы ыҟоуп.  

Аиҿцәажәара ахыркәшамҭаз, Беслан Џьопуа иахьазы иааиуа 2023 - тәи ашықәс апроектқәа рыла азыҳәамҭақәа рыдкылара ишалагахьоу азы адырра ҟаиҵеит.  

«Ҳара 2023 шықәсазы ари апрограмма иазоужьхо аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ иақәшәо имаҷымкәа азыҳәамҭақәа ҳадаҳкылахьеит», - ҳәа иҳәеит атәыла ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.


Read 399 times - Амҽыша, 16 Жьҭаара 2022 14:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.