АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Жьҭаара.2022

АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АҾЫ АИДЫСЛАРАҚӘА РАЗԤХЬАГӘАҬАРЕИ РАԤЫРҞӘҞӘААРЕИ РЗЫ АҚЫРҬУА-АԤСУА МЕХАНИЗМ АУСУРА АЛАГАРА АЛАЦӘАЖӘАРА МҨАԤЫСУЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 17 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин диԥылеит.   Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит аминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи  Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ иабжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Максим Литвинов, ҳәа иаанацҳауеит адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аиԥылара иалахәыз Гал ақалақь аҿы аидысларақәа разԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы ақырҭуа-аԥсуа механизм (МПРИ) аформат аусура алагара иалацәажәеит.

Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аидысларақәа разԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы ақырҭуа-аԥсуа механизм (МПРИ) аформат аусура алагара азҵаара аус адулара мҩаԥнагоит.   Аԥсуа гани Урыстәыла ахаҭарнакцәеи аҭыԥқәа рҿы аибарххара армаҷреи ашәарҭадара арӷәӷәареи   алзыршо иарбоу аформат ала аусура аиҭахацыркра азы азҿлымҳара аадырԥшит.

Аиҿцәажәаратә процесс алахәылацәа зегьы рпозициақәа реиқәыршаҳаҭра апроцесс мҩаԥысуеит.


Read 379 times - Аҩаша, 18 Жьҭаара 2022 15:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.