Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, автомашьына агәаҭараан амашьынарныҟәцаҩ иҭыԥ ашьҭахь арҭмаҟи аполиетилентә рзақәи рбеит. Уи иҭан ақьаадтә еилаҳәара. Иарбоу ақьаадтә еилаҳәара иагәылан ишкәакәоу аххыратә маҭәашьар згәылаз даҽа аполиетилентә х-еилаҳәарак.
Адгәыр Касланӡиа иарбоу аилаҳәарақәа ишыргәылоу анаркотикатә маҭәашьар «метадон», уи иара ихатә хархәаразы Санкт-Петербург иаахәаны Аԥсныҟа иааигеит ҳәа иаирбеит.
Аекспертиза ишаанарԥшыз ала, еилаҳәарак иагәылан зыкапан 58,208 г. инаӡоз «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар, аҩбатәи аилаҳәара — 3,618 г. инаӡоз «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар, ахԥатәи – «кокаин» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар.
Адгәыр Касланӡиа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусеилыргаанӡатәи аамҭалатәи аԥхьакырҭа ахь днагоуп.






