АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Абҵара.2025

1,189 г. метадон ааныркылеит аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы.

Аҟәа.  Абҵарамза 24, 2025 шықәса. Апсныпресс. Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аусзуҩцәеи Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикқәа рекәыршара ахылаԥшра азы Аусбарҭа аусзуҩцәеи абҵарамза  18 рзы дааныркылеит  1991 шықәсазы ииз Аԥсны атәылауаҩ Аршба Асҭамыр Асҭамыр-иԥа.

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Асҭамыр Аршба хаҭала игәаҭараан ихала ицәыригеит аполиетиленттә рзақә. Уи иагәылан зыҩныҵҟа ишкәакәоу аххыраԥшра змоу амаҭәашьар зҭаз афольгатә еилаҳәара.  

Асҭамыр Аршба иажәақәа рыла, аилаҳәара иагәылоуп анаркотикатә маҭәашьар «метадон».

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аексперттә Криминалтә Центр аексперт иҟаиҵаз алкаа инақәыршәаны, иарбоу амаҭәашьар зыкапан 1,189 г. ыҟоу, «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар ауп.

Ари аус азы аматериал аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусеилыргаратә усбарҭа  ахь ииагоуп. Асҭамыр Аршба аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусеилыргаанӡатәи аамҭалатәи аԥхьакырҭа ахь днагоуп.


Read 458 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.