АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Жьҭаара.2022

АПАРЛАМЕНТ АҞНЫ АКУЛЬТУРЕИ АҾАР РУСҚӘЕИ АСПОРТИ РЗЫ АИЛАК ИНАРҬБААУ АИЛАТӘАРА МҨАԤЫСИТ.

Аҟәа. Жьҭаармза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаармза 17 рзы Апарламент аҟны имҩаԥысит Венори Бебиа хантәаҩра ззиуаз Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Акультуреи, аҿар русқәеи аспорти рзы Аилак  инарҭбаау аилатәара. 

Аилак аилатәара иалахәын Апарламент адпутатцәеи Аҿар русқәеи аспорти рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Џьамал Гәбази уи ихаҭыԥуаҩ Мадина Воубеи.

Аилатәараҟны Џьамал Гәбаз далацәажәеит напхгара зиҭо аусбарҭа аусура, аԥснытәи аспорт аихьӡарақәеи аԥеиԥши ртәы.

Уи адепутатцәа ираҳартә иҟаиҵеит Аҳәынҭеилакы зынио ауадаҩрақәа ртәы, ҷыдала, афинанстә ҟазшьа змоу азҵаарақәа.

Ахантәаҩы хыԥхьаӡара рацәала азҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵеит, адепутатцәагьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аҿар русқәеи аспорти рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы аҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рыӡбараҟны иҟарҵо ацхырааразы.

 


Read 326 times - Аҩаша, 18 Жьҭаара 2022 15:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.