АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Жьҭаара.2022

АКОНТРОЛЬТӘ ПАЛАТА АНЫҞӘГАРАЗЫ АБИУЏЬЕТТӘ ХАРЏЬЫНҴА АПРОЕКТ АПАРЛАМЕНТ АСЕССИА АИЛАТӘАРА АХЬ ИЦӘЫРГАХОИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Апарламент аҟны имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь имҩаԥигаз аилак инарҭбаау аилатәара.

Аилак аилатәара иалахәын Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа, Аконтрольтә палата ахантәаҩы Роберт Аршба, АА Аконтрольтә палата Аппарат анапхгаҩы Владимир Лакербаиа.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палатазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 4 инақәыршәаны, Роберт Аршба адепутатцәа рыҟны ицәыригеит Аконрольтә палата аныҟәгаразы 2023 шықәсазтәи абиуџьеттә харџьынҵа.

Аилацәажәара аихшьалақәа рыла, Аилак азыӡба аднакылеит ари азҵаара Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент асессиа аилатәараҟны ирыдыркыларц азы ахәаԥшразы ицәыргазарц.

 


Read 375 times - Аҩаша, 18 Жьҭаара 2022 15:36
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.