АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Жьҭаара.2022

АҞӘАТӘИ АԤКЬАҬМПЫЛАСЫҨЦӘА АСТОЛТӘ ԤКЬАҬМПЫЛ АЗЫ АԤСНЫ АКЛУБТӘ ЧЕМПИОНАТ АҾЫ АКТӘИ АЗЕИԤШКОМАНДАТӘ ҬЫԤ ААНЫРКЫЛЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 14 - 16  рзы Аҟәа ақалақь аҿы астолтә ԥкьаҭмпыл азы Аԥсны аклубтә чемпионат «Иреиҳаӡоу алига» аҩбатәи атур мҩаԥысуан, ҳәа иаанацҳауеит Аҿар русқәеи аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.

Ачемпионат рхы аладырхәит Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи, иара убас иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәеи рҟынтәи аа-командак.  

Актәи азеиԥшкомандатә ҭыԥ ааннакылеит Аҟәатәи акоманда (Ренат Карчаа, Лаша Давитаиа, Викториа Полушина), аҩбатәи аҭыԥ –  Аԥснытәи аҳәынҭқрратә университет акоманда (Наур Карчаа, Нарт Ӡаԥшьба, Анна Егорова, Руслан Кешебиан), ахԥатәи аҭыԥ –  Очамчыратәи аспортсменцәа (Алеқсандр Скиделло, Софиа Серафимова, Инал Сабекиа), аԥшьбатәи аҭыԥ ааныркылеит Ҭҟәарчалтәи акоманда (Мераб Абхазаа, Артиом Филимонов, Нинель Чалукиан).

Иара убас, ачемпионат аҳәаақәа ирҭагӡаны зымаха-зышьаха еибгам аинвалидцәа рыбжьара аицлабрақәа мҩаԥысит. Арҭ аицлабрақәа рҿы аиааира ргеит Џьон Ҷан-оглы (Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Алхас Амԥар (Пицунда), ахԥатәи – Мез Арџьениа (Гәдоуҭа).

Атурнир иреиӷьу ахәмарцәа ҳәа иалкаахеит Анна Егоровеи Мераб Абхазааи.

Акомандқәа ахраҿақәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, амедалқәа, аԥаратә ҳамҭақәа ранашьахеит.

Аицлабрақәа реиҿкаара рхахьы иргеит – Аҿар русқәеи аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилаки Аԥсны астолтә ԥкьаҭмпыл азы Афедерациеи.

Аӡбаҩ хада – ареспубликатә категориа змоу аӡбаҩ Руслан Сариан.


Read 339 times - Аҩаша, 18 Жьҭаара 2022 16:34
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.