АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Жьҭаара.2022

ЕИДУ АМИЛАҬҚӘА РЕИҾКААРА АХӘЫҶТӘЫ ФОНД (ЮНИСЕФ) Х-ШКОЛК АШКОЛТӘ ЛАБОРАТОРИАҚӘА РЗЫ АИҚӘЫРШӘАГАҚӘА ҲАМҬАС ИРЫРҬЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵарадырреи абызшәатә политикеи Рминистрра ақәыршаҳаҭрала, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахәыҷтәы Фонд (ЮНИСЕФ) Аҟәатәи аофис аҟәатәи ашколқәа хԥа (ашколқәа №5, №1,  Аԥснытәи алицеи-интернат) ахимиеи афизикеи абиологиеи рзы алабораториақәа реиқәыршәагақәа ҳамҭас ирырҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҵарадырра Аминистрра апресс-маҵзура.

Зынӡа Еиду амилаҭқәа Реиҿкаареи Европатәи атәылақәа Реидгылеи азанааҭ-техникатә ҵарадырра ахаҭабзиара аизырҳара иазкны еицынарыгӡоз апроект аҳәаақәа ирҭаганы, ЕАР ахәыҷтәы Фонд (ЮНИСЕФ) Аԥсны ашколқәа жәаба афизикеи ахимиеи абиологиеи рзы алабораториақәа реиқәыршәагақәа рыла еиқәнаршәеит.

Иара убас аматематикатә цикл иаҵанакуа амаҭәарқәа рырҵаҩцәа – апроект алахәылацәа 2021-2022шш. ирылагӡаны  СТЕМ-азнеишьа ала амаҭәарқәа дырҵара аметодика азы азыҟаҵаратә семинарқәа ирхысит.

Апроект хықәкыс иамоуп абарҭ аматематикатә цикл иаҵанакуа амаҭәарқәа: алгебра, агеометриа, афизика, ахимиа, абиологиа азнагара аеффективра аизырҳара аганахьала ацхыраара аҟаҵара.

Арҭ азнеишьақәа изхысуа аматематикатә цикл иаҵанакуа амаҭәарқәа рыбжьара аимадара рыбжьаҵареи аҵаҩцәа иарбоу амаҭәарқәа рыла аҽазыҟаҵара ргәарԥхареи иазырхоуп, ҳәа иазгәарҭеит аҵара Аминистрра аҟны.  


Read 334 times - Аҩаша, 18 Жьҭаара 2022 17:35
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.