«Агәабзиарахьчара ахырхарҭала аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиареи, Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаа ргәабзиара аиӷьтәреи, амедицинатә цхыраара ашьҭыхреи рҿы илагалақәа рзы Едуард Быҭәба Пирогов ихьӡ зху аорден ианашьазааит», - ҳәа иаҳәоит Урыстәыла Ахада иҭижьыз Аусԥҟа аҿы.
10.Ԥхынҷкәын.2025
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Пирогов ихьӡ зху аорден ианашьахеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Ахада Владимир Путин Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Пирогор ихьӡ зху аорден ианашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Абри азы адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.






