АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Ԥхынҷкәын.2025

Иван Рева административтә зинеилагаразы ахара идҵоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза  16,  2025 шықәса рзы Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩ Кәарҷиа И.Г. ихантәаҩрала Урыстәылатәи Афедерациа  атәылауаҩ, Лугансктәи аобласт Краснодон ақалақь аҿы 2000 шықәса рзы ииз, Севастополь ақалақь аҿы инхо Рева Иван Евгени-иԥа иганахьала административтә зинеилагаразы аматериал иахәаԥшит.

Аматериалқәа рыхәаԥшра ашьҭахь Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭала  Иван Рева Аԥсны Административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 41.19 иазԥхьагәанаҭо административтә зинеилагаразы ахара идҵаразы ақәҵара аднакылеит. Иван Рева ихьырхәра аҳасабала алхраԥхьатәи агитациа амҩаԥгара алахәхаразы закәанла азин змам ахаҿқәа ахьадыԥхьалаз азы аџьахәԥса 30 рыхә — 1800 мааҭ ахараԥса ишәароуп.


Read 23 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.