Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Урыстәылатәи Афедерациа Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 205.5 инақәыршәаны ашьаус хацнаркит (*Атеррористтә еиҿкаара аусура аиҿкаареи иарбоу аиҿкаара аусура алахәхареи).
Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ареспублика атәылауаа ргәырҽанаҵоит украинатәи иҷыдоу амаҵзурақәа активла аинтернет аҿы аусура ишаҿу азы, иара убас ааԥхьара ҟанаҵоит иахәҭоу аусбарҭақәа рахь иарбоу ахҭысқәа рзы ианаамҭоу адырра ҟарҵаларц азы.






