АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 20:45

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы 2025 шықәсазтәи аусура аихшьаалақәа ҟаҵан.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц ихантәаҩрала, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҟны имҩаԥысит 2025 шықәсазтәи адәныҟаполитикатә усбарҭа аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкыз аилацәажәара. Аилацәажәара иалахәын аминистр ихаҭыԥуаа Одиссеи Бигәааи Иракли Ҭыжәбеи, аусбарҭа адепартаментқәа реиҳабацәеи.

Олег Барцыц иазгәеиҭеит «2025 шықәса адипломатиатә план ала игәылҭәаан, активра аман, аминистрра инеиԥынкыланы адәныҟаполитикатә приоритетқәа нанагӡон, атәыла аинтересқәа ирыдгылон» ҳәа.

Аилацәажәараан ирыхәаԥшын аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы аминистрра аусура алҵшәа хадақәа, анализ рызун ироуз арбагақәа, иара убас ирылацәажәан адәныҟаполитикатә усура ахырхарҭа хадақәа. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан жәларбжьаратәи аусеицура аҿиара, ҩ-ганктәи аимадарақәа рырӷәӷәара, Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә интересқәа жәларбжьаратәи аренаҿы раларҵәара азҵаарақәа.

Иазгәаҭан аминистрра аструктуратә ҟәшеиҵақәеи аҳәаанырцәтә усбарҭақәеи русуратә еинырра, адипломатиатә усура еиҳа хра аманы аизырҳара хықәкыс иҟаҵаны аџьатәи афинанстәи дисциплина арӷәӷәара аҵак ду шамоу.

Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла иалкаан аԥыжәара змоу ауснагӡатәқәа, иазгәаҭан адепартаментқәа зегьы рзы 2026 шықәсазтәи аусуратә планқәа.

 


Read 44 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.