Аҟәа ақалақь аҿы инхо Қаџьаа М.К. лнапылеидара аҿы ирбеит адыргаҭарақәа қырҭшәала изныз, КЖәР аҟынтәи иаагоу, убри аан атауар-мҩаԥгаратә зиншәҟәқәа зцымыз 182 цыра апиротехникатә аалыҵқәа.
Қаџьаа М.К. лажәақәа рыла, иарбоу апиротехникатә аалыҵ лара 2024 шықәса, ԥхынҷкәынмзазы Аҟәа ақалақь аҿы илзымдыруаз ауаҩы иҿы анаҩс аиҭаҭиразы иаалхәеит. Қаџьаа М.К. лхаразы ахараԥса ашәара дшазыхиоу лҳәеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аҳазалхратә статистикеи анализи русбарҭа адыррақәа рыла, аԥҳәыс илымхыз атауар аџьармыкьатә хәыԥса 81 900 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Аус аматериалқәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусеилыргареи аҳазалхратә ҭҵаареи рыҟәшахьы инашьҭуп.






