АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Жьҭаара.2022

АНСАМБЛЬ «АМЦАБЗ» XXXIV ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АФЕСТИВАЛЬ-КОНКУРС «АДУНЕИ ЗЕГЬЫ ҞАЗАРОУП» АҾЫ АКТӘИ АҬЫԤ ААННАКЫЛЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс /Дмитри Басариа/. Жьҭаарамза 16 рзы, Москватәи аконцертә зал «Салиут» аҿы имҩаԥысит  XXXIV Жәларбжьаратәи афестиваль-конкурс «Адунеи зегьы ҟазароуп». Уи ахы аланархәит Москватәи ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль «Амцабз». Ансамбль аноминациа «Жәлар рыкәашара» аҟны аиааира агеит, ҳәа «Аԥсныпресс» ахь адырра ҟаиҵеит ансамбль анапхгаҩы Лаша Марыхәба.

Лаша Марыхәба Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит: «Ари афестиваль ҳансамбль аколлектив азы акырӡа аанагоит, избан акәзар, ҳара аҵаҩцәа еиҳабацәа зегьы ауҳашьҭхьеит, сынтәа ансамбль аилазаара ҿыц аԥаҳҵеит. Ансамбль ааӡамҭацәа аӡәырҩы рзы афестиваль алахәхара адебиуттә қәгылараны иҟалеит. Ҳара ҳансамбль аконкурстә номинациақәа ҩба «Жәлар рыкәашареи» «Аинструменталтә номери» рҿы иқәгылеит.  

Арҭ аномерқәа рҿы иалахәын 45 – ҩык инарзынаԥшуа ҳансамбль ааӡамҭацәа. «Жәлар рыкәашара» аноминациа ахь ицәырган ҩ-хореографиатә қәгыларақәа. Урҭ актәи аҭыԥ аиуит. Иара убас ансамбль ианашьахеит аламала заиура ус имариам, иҷыдору аҳамҭа – атехникеи артистизми рзы Ахраҿа.   Аноминациа «Аинструменталтә номер» аҿы аӡбаҩцәа ансамбль «Амцабз» адаул асра аномер «Кавказ аритмқәа» азы Гран-при анашьаразы  еицҿакны аӡбамҭа рыдыркылеит.


Read 298 times - Ахаша, 19 Жьҭаара 2022 13:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.