АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Жьҭаара.2022

ЖЬҬААРАМЗА 29 РЗЫ БАҬАЛ ЧЕЖЬИА УРЫСТӘЫЛА АЧЕМПИОН ИТИТУЛ АИУРАЗЫ АИНДАҬЛАРА МҨАԤИГОИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Баҭал Чежьиа Урыстәыла Ачемпион ититул аиуразы аиндаҭлара мҩаԥигоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит  Аԥсны абокс Афедерациа.

Баҭал Чежьиа диацлабуеит Пермь ақалақь аҟынтәи иааз аспортсмен Максим Смирнов. Аиндаҭлара мҩаԥгахоит жьҭаарамза 29 рзы Москва ақалақь, Ирина Винер-Усманова лыхьӡ зху агимнастика Ахан арена аҿы.  

Урыстәыла Ачемпион ититул аиуразы аиндаҭлара Андреи Андреев ихьӡ зху Агәыҳалалратә Фонд адгыларала апромоутортә еилазаарақәа «Мир Бокса», Grand Promotion рыла еиҿнакаауа абокс ахәылԥаз аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит.

Аиндаҭлара ишишоу ицо аефир ала уахәаԥшыр ҟалоит ателеканал «МАТЧ-ТВ!» ала. \      


Read 291 times - Ахаша, 19 Жьҭаара 2022 14:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.