АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 0:12

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы иддырбеит аспектакль “Незнайка”.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы аспектакль «Незнайка» арбара мҩаԥысит. Николаи Носов иажәабжьқәа рыла ақәыргыламҭа нанагӡеит Нара Ԥлиа лырҿиаратә ҟазарҭа.

Астудиа «Сара Саамҭа» иазкны.

Аҟазарҭа аус ауеижьҭеи  абар шьҭа 10 шықәса ҵуеит. Уи аԥҵаҩы арежиссиор Нара Ԥлиа хыдҵас иқәлыргылоит ахәыҷқәа актиортә ҟазара азы разыҟаҵара анаҩсгьы урҭ рестетикатә гьама арҿиареи ирҳәо ажәақәа зегьы ҭакԥхықәрала рызнеишьеи.

Астудиа «Сара Саамҭа» ҳәа ахьӡ амоуп. Нара Ԥлиа ишазгшәалҭо ала, уи аҽазыҟаҵара иаҵоу афилософиа иадҳәалоуп:

«Дарбанызаалак ахәыҷы идыруазароуп, иныруазароуп аҟазарҭа аҿы ихигаз аамҭа иара ишитәу. Уи сара рҵаҩык иаҳасабала саамҭа акәӡам, уи аҵаҩцәа доусы раамҭа ауп, уи хымԥада аԥшӡареи ииашоу аҵаки рыла игәылҭәаазароуп».

Аусура ашықәсқәа ирылагӡаны астудиа хыԥхьаӡара рацәала ааӡамҭацәа аунажьит, аӡәырҩы рзы ари аԥышәа хаҭала рырҿиаразы акыр зҵазкуа етапны иҟалеит.


Read 22 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.