«Ацифровизациа жәлар рынхамҩа аусхкқәа зегьы амҽханакуеит. Уи шьаҭанкыла ашәахттәи аҳазалхратәи аусбарҭақәа русура аԥсахуеит, анапхгараҭара ахаҭабзиара шьҭнахуеит, абиуџьет ахь алагалақәа реизҳара иацхраауеит», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит адепутат.
Беслан Ҳалуашь игәаанагарала, уажәы ареспублика ахатәы хашәалахәқәа реизҳара аганахьала иҟоу адинамика асоциалтәи аекономикатәи апрограммақәа рынагӡара аоптимизмла ахәаԥшра алнаршоит. Иара иазгәеиҭеит Апарламент Аҳәынҭқарра Ахада асуверенитет арӷәӷәареи амчра аинститутқәа рмодернизациеи иазырхоу иаԥшьгарақәа зегьы азакәанԥҵаратә адгылара шанаҭоло.






