вчера 2:08
Апарламент анаплак маҷқәеи абжьаратәи анаплакқәеи ҳәа реихшаразы акритериақәа шьақәнаргылеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент анаплак маҷқәеи абжьаратәи анаплакқәеи ҳәа реихшаразы акритериақәа шьақәнаргылеит.
Уи азы лЖәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи аԥхьарала «Аԥсны имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра аҿиаразы» азакәан ариашарақәа аларгалеит.
Аԥсны имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра аҿиаразы азакәан апроект ҳазҭоу ашықәс рашәарамза 30 рзы имҩаԥысыз аилатәара актәи аԥхьарала ирыдыркылеит.






