АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Жьҭаара.2022

АԤСНЫТӘИ АХААТӘЫҞАҴАҨЦӘА III ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АЧАРӠҨЦӘЕИ АХААТӘЫҞАҴАҨЦӘЕИ РКОНКУРС РҼАЛАДЫРХӘУЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 19,  2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи ахаатәыҟаҵаҩцәа жьҭаарамза 19-20 рзы Москва ақалақь, Жәлар Рынхамҩа Аихьӡарақәа Рцәыргақәа аҿы имҩаԥысраны иҟоу III Жәларбжьаратәи ачарӡҩцәеи ахаатәыҟаҵаҩцәеи рконкурс рхы аладырхәуеит. Аконкурс Урыстәылатәи ачарӡҩцәеи ахаатәыҟаҵаҩцәеи Ргильдиа адгыларала еиҿнакаауеит «Елена Сучкова ашоколадҟаҵара азы лышкол».

Аицлабрақәа рхы аладырхәуеит Урыстәыла, Белорусь, Аԥсны рҟынтәи 100 – ҩык инарзынаԥшуа ахаатәыҟаҵаҩцәа.

Урҭ ашоколад иалху асахьақәеи амажәа иалхны аскульптурақәеи ҟарҵар акәхоит, иара убас еиуеиԥшым агәылаҵақәа змоу ачақәа рӡуеит. Аӡбаҩцәа аалыҵ агьама, аԥшра, афҩы, аҟаҵашьа, уҳәа зегьы иахәаԥшны ахәшьара арҭоит. Аиааира згаз иранашьахоит ахраҿақәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, аусмҩаԥгатә аспонсорцәа рҟынтәи еиуеиԥшым аҳамҭақәа.

Иара убас аконкурсантцәа ирзыԥшуп агьамабара зцу азанааҭтә мастер-классқәа, араҟа аекспертцәа рдыррақәеи рԥышәеи рымадара азы алшара рзаԥҵахоит.

«Елена Сучкова аконкурс амҩаԥгара азы аплошьад лзоужьра азы ацхыраара лыҭара азы аҳәара ҟалҵеит. Ҳара, жәаҳәарада, уи  ҳақәшаҳаҭхеит, избан акәзар, уи азы ҳара зегьы ҳамоуп – ахыбра аума, иахәҭоу аиқәыршәагақәа роума, аспонсорцәа рҟынтәи амарҭхә аума», – ҳәа еиҭеиҳәеит ачарӡыҩцәа рышкол адиректор, Урыстәылатәи ачарӡыҩцәеи ахаатәыҟаҵаҩцәеи Ргильдиа Апрезидент ихаҭыԥуаҩ Иури Бондаренко.  


Read 344 times - Ахаша, 19 Жьҭаара 2022 15:13
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.