АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Жьҭаара.2022

АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АИҲАБЫ ЛАША АШӘБА ВИАЧЕСЛАВ АБЛОҬИА ИИУБИЛЕИ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Акиностудиа «Аԥсуафильм» адиректор, асахьаркыратә напхгаҩы Виачеслав Аблоҭиа Иира Амш идиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Виачеслав Андреи-иԥа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит 80-шықәса шәхыҵра амш!

Шәара шәырҿиаратә мҩа зегьы шьақәгылоуп иналукааша ахҭысқәа рыла, иазгәаҭоуп аихьӡарақәа змоу, ҳауаажәлар рыҩныҵҟа иазхаҵоу аусумҭақәа рыла. Шәара шәыруаӡәкуп ҳреспубликаҟны еицырдыруа аҟазара аусзуҩцәа, ахә ашьара уадаҩуп аԥсуа ҟазара аҿиараҟны шәлагаламҭа.

Актиор, амузыкант, арежиссиор, асценарист – абарҭ азанааҭқәа рыҟны иааԥшит Шәара шәҟыбаҩ. Еицакра змам Шәара шәгәамч, бзиабарала инашәыгӡо аус нхарҭәааны ианыԥшит акинематографиаҟны. Шәара Аԥсны, Урыстәыла, убас егьырҭ атәылақәа рыҟны акино аҟаза ҳәа шәазхаҵоуп.

Ҳәарада, амилаҭтә ҟазара аҿиаразы Шәара иҟашәҵаз иреиӷьу ауаҩытәҩсатә ҟазшьақәа рышьақәырӷәӷәаразы, Аԥсадгьыли абызшәеи рышҟа абзиабара аихаҳаразы, арӷәӷәаразы аҵак ду амоуп.

Шәара иахьагьы аусура шәгәы азҭарҵоит иныҟәыжәго аидеиа ҿыцқәа, гәацԥыҳәаралагьы урҭ рынагӡара шәаҿуп. Ҿыц игыло арҿиара знапы алаку аҿар шәгәыӷрақәа ирыԥсахааит, аҳәынҭқарра аганахьала есқьынгьы адгылара шәыҭара иазхиоуп.

Ҳаҭыр зқәу Виачеслав Андреи-иԥа! Сара агәра згоит аԥхьаҟагьы ишшәыгымхо аихьӡарақәеи, шәбаҩхатәреи шәнапы злаку аус ахь ишәымоу абзиабареи, ахәаԥшҩцәа ргәыбылреи. 

Гәык ала ишәзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, аихьӡара ҿыцқәа».


Read 286 times - Аԥшьаша, 20 Жьҭаара 2022 08:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.