АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Ажьырныҳәа.2026

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартист Хьыбла Герзмаа лира амш лыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 6, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартист Хьыбла Герзмаа лира амш лыдиныҳәалеит

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Хьыбла Леуарса-иԥҳа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәирамш.

Иналукааша шәбаҩхатәра, ихаракӡоу шәыпрофессионализм, аҟазара шәазыҟазаашьа ирыбзоураны адунеи аҟны шәеицырдыруа шәҟалеит. Шәара шәырҿиарала Ҳаԥсадгьыл ахьӡ ҭыжәгоит, Аԥсны жәлар рзы гәадураны шәыҟоуп.

Ҷыдала иазгәаҭатәу ауп Аԥсназы аҵак ду змоу акультуратә хҭысны иҟалаз жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль «Хыбла Герзмаа шәаалыԥхьоит…». Абри афестиваль иабзоураны Аԥсны жәлар реиԥш, асасцәагьы авокалтә ҟазара ҳаракы аҽалархәразы алшара рымоуп, аԥсуа сценаҟны иқәгылоит адунеи аҟны иеицырдыруа амузыкантцәа.

Акрызҵазкуа абри амш аҽны ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, еицакра зқәым арҿиаратә гәазыҳәара, аихьӡара ҿыцқәа».

 

 

 

 


Read 142 times - Ахаша, 07 Ажьырныҳәа 2026 12:03
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.