Одиссеи Бигәаа Аԥсны Аҳәынҭқарра – жәларбжьаратәи азхаҵара зыда ԥсыхәа ыҟам хықәкны иахәаԥшӡом, ареспублика анапхгара аииҳарак хшыҩзышьҭра рнаҭоит аҳәынҭқарра аинститутқәа рырӷәӷәара, иҭышәынтәалоу асоциал-економикатә ҿиара алыршара, ашәарҭадара аиқәырхара, апатуеиқәҵареи азинеиҟарареи рышьаҭала адипломатиатә еимадарақәа рырҭбаара. Урыстәылатәи Афедерациеи егьырҭ аиҩызаратә ҳәынҭқаррақәеи рганахь ала адгылара Аԥсны аҭышәынтәалареи аҿиареи иацхраауеит атәыла ажәлар ргәаҳәара мԥсахуа, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Аминистр ихаҭыԥуаҩ иара убас иазгәеиҭеит Аҟәа Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа аҽшаланамгало, аха убри аан апрагматизмтә диалог ишазхиоу. Аусеицура залыршахоит обиективла ишьақәгылаз аполитика-зинтә ҭагылазаашьақәа разхаҵара апринципқәа рықәныҟәара мацарала. озар.азинеиҟарареи иҟоу аполитика-зинтә реалиақәа рыпринципқәа рыла мацара.
***
Ареспублика Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистр ихаҭыԥуаҩ иҟаиҵаз ахҳәаа.
Мамука Мдинараӡе уаанӡа иҟаиҵаз аҳәамҭеи асоциалтә ҳа X аҿы Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз адырраҭареи инарымаданы, иазгәаҭатәуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит ақырҭуа политикатә спектр хазы игоу ахаҭарнакцәак, жәларбжьаратәи апроцессқәа рхатә политикатә зыԥшрақәа инарықәыршәаны рыҟаларазы рҽазышәарақәа, обиективла ишьақәгылаз арегионалтәи жәларбжьаратәи ареалиақәа шаадмырԥшуа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра исуверентәу ҳәынҭқарроуп, милаҭрацәала еилоу ажәлар рхы иақәиҭны, изныкымкәа ишьақәырӷәӷәаны иаадырԥшхьоу ргәаҳәара ашьаҭала еиҿкаауп. Иарбоу апринцип аԥсуа ҳәынҭқарра иашьагәыҭуп, адәныҟантәгьы аиҭахәаԥшра ҟалаӡом. Боливариантәи Ареспублика Венесуела налаҵаны, аҳәынҭқаррақәа жәпакы рганахь ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара урҭ дара адәныҟатәи аполитика анагӡаразы ирымоу суверентә зинуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгара – жәларбжьаратәи азхаҵара зыда ԥсыхәа ыҟам хықәкны иахәаԥшӡом. Уи еиҳарак хшыҩзышьҭра рнаҭоит аҳәынҭқарра аинститутқәа рырӷәӷәара, иҭышәынтәалоу асоциал-економикатә ҿиара алыршара, ашәарҭадара аиқәырхара, апатуеиқәҵареи азинеиҟарареи рышьаҭала адипломатиатә еимадарақәа рырҭбаара. Урыстәылатәи Афедерациеи егьырҭ аиҩызаратә ҳәынҭқаррақәеи рганахь ала адгылара Аԥсны аҭышәынтәалареи аҿиареи иацхраауеит, атәыла ажәлар ргәаҳәара мԥсахуа.
«Азхамҵара аполитика» ҳәа изышьҭоу, мамзаргьы Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз аҳәынҭқаррақәа рыӡбамҭақәа еиҭарыхәаԥшыр алшоит ҳәа аҳәамҭақәа азинтә ҵаҵӷәы рымаӡам, арегион аҿы аконструктивтә ҭагылазаашьа аҟазаара иацхраауам.
Аԥсны Аҳәынҭқарра егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рыҩныҵҟатә усқәа рыҽрыламырхәра апринцип иадгылоит, Қырҭтәыла аҩныҵҟаполитикатә процессқәа ракәзаргьы, ирыхцәажәаӡом. Иара убри аан ҳара арегионалтә политикаҿы еиҳа апрагматикатәи ареалисттәи знеишьа аҽазышәара зыршаҳаҭуа иарбанызаалак адыррақәа хшыҩзышьҭрала, ҭакԥхықәрала рыдкылара ҳазхиоуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ишьақәнарӷәӷәоит ҭынч аицынхареи, агәылеимабзиареи, жәларбжьаратәи азин аҳаҭырқәҵареи рыпринципқәа ишрыдгыло. Ҳара, Қырҭтәылагьы налаҵаны, аинтерес ҳзаазырԥшуа аҳәынҭқаррақәа рацәажәареи аус рыцуреи ҳазаартуп – урҭ азинеиҟарара, апатуеиқәҵара, обиективла ишьақәгылаз аполитика-зинтә ҭагылазаашьақәа разхаҵара апринципқәа ирықәныҟәозар.






