АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Ажьырныҳәа.2026

Ацитрустә гибрид — минеолу — аӡыргара мҩаԥысит Аҟәа ақалақь, афестиваль «Амандарин» аҿы.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 8, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. Иҿыцу ацитрустә гибрид — минеолу — Аҟәа ақалақь, афестиваль «Амандарин» аҳәаақәа ирҭагӡаны ақыҭанхамҩатә цәыргақәҵа аҿы аӡыргара мҩаԥысит.

1930-тәи ашықәсқәа рзы амандаринеи агреипфрути рҟынтәи иаԥҵаз уи америкатәи аналог иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, аԥснытәи минеола  — ари амандаринеи апаҭырқали реилаҵарала иҟалаз ахкы ауп.

Асорт алихит ареспублика атәылауаҩ Гран Кесиан, ҳәа адырра ҟанаҵоит Sputnik - Аԥсны.

Уи ибаҳчаҿы ирызҳауеит 60 шьапы инарзынаԥшуа иарбоу ашәырхкы зҿало аҵлақәа — макьаназы уи аҩыза атәылаҿы уаҳа џьаргьы иҟаӡам. Ашәыр адгалара мҩаԥигеит Аԥсуа Аиашахаҵаратә Уахәама амаҵзуҩы Бадра Делба. Уи иажәақәа рыла, ари ашәыр акыр ибеиоп авитаминқәа B, C, кали, магни, уҳәа рыла. Минеола ацәа акьакьара иабзоураны апатырқал аасҭа ацәҵаара еиҳа еиӷьны иахнагоит, уи аҭыԥантәи аклимат азы даараӡа акыр аанагоит.  


Read 109 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.