Иарбоу азакәан апроект аус адулара атауарқәа раахәара, аусурақәеи амаҵзурақәеи рынагӡара аеффективра ашьҭыхра, иарбоу аахәарақәа иаартны рымҩаԥгара алыршара, акоррупциеи егьырҭ азинеилагарақәеи рыԥхьырҟәҟәаара хықәкыс иҟаҵаны аҳәынҭқарратәи амуниципалтәи аҭаххрақәа рынагӡара иазырхоу аизыҟазаашьақәа рҭышәынтәалара азы имҩаԥган.
Аҳәынҭқарратә аахәарақәа аекономикатә цәыӡқәа рырмаҷра алыршахартә еиԥш имҩаԥысуазароуп ҳәа иазгәаҭоуп азакәан апроект иацу аилыркаагатә шәҟәы аҿы.
Иарбоу азакәан апроект адкылара аҵакы еиҳагьы иазҳауеит ауааԥсыра анагӡаратә мчра аусбарҭақәа рыла имҩаԥгахо ауснагӡатәқәа раартра азы иаадырԥшуа азҿламҳара ашьҭыхра аныҟоу аамҭазы.
Азакәан апроект адгалара мҩаԥигеит аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Резо Занҭариа.






