АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Ԥхынҷкәын.2025

Аԥсны Апарламент адепутатцәа Гагратәи араионтә ӡбарҭа ахь аӡбаҩцәа ҩыџьа алырхит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Апарламент адепутатцәа Гагратәи араионтә ӡбарҭеи Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭеи рахь аӡбаҩцәа ралхразы рыбжьы арҭеит.

Нарҭ Ломиа — Гагратәи аӡбарҭа аӡбаҩс далхуп. Уи рыбжьы ирҭеит 30-ҩык адепутатцәа, аӡәы –мап икит.

Нарҭ Ломиа 2012 шықәсазы Аладатәи Афедералтә университет далгеит «азиндырра» азанааҭ ала. 2015 шықәса раахыс апрокуратура аусбарҭақәа рҿы еиуеиԥшым амаҵурақәа ныҟәигон, 2021 шықәса раахыс Аԥсны Апрокуратура хада аӡбаратә усбарҭа апрокурор еиҳабыс дыҟан.

Аида Барцыцԥҳа — Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа аӡбаҩс далхуп. Адепутатцәа уи лкандидатуразы еицҿакны рыбжьы арҭеит.

Аида Барцыцԥҳа 2006 шықәсазы «азиндырра амагистр» ҳәа аҵаратә-ҩаӡара лоуит Москватәи ҳаамҭазтәи агуманитартә академиаҿы, 2006 шықәса раахыс Аида Барцыцԥҳа — Аԥсны адукатцәа Рпалата далахәылан, 2021 шықәса раахыс Апалата аревизиатә комиссиа напхгара алҭоит.


Read 41 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.