2026 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет апараметрқәа:
- Ахашәалахәқәа рыла – 14 млрд. 806 млн. 645,1 нызықь мааҭ;
- Ахарџьқәа рыла – 15 млрд. 836 млн. 333,4 нызықь мааҭ;
- Ареспубликатә биуџьет адефицит – 1 млрд. 29 млн. 688,2 ныҳықь мааҭ. Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо афинанстә цхыраара:
- Ареспублика Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азы – 4 млрд. 249 млн. 241,3 нызықь мааҭ;
- 2026–2028 шш. рзы Ареспублика Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара иазку Аинвестициатә программа анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны абиуџьеттә инвестициақәа рымҩаԥгаразы – 1 млрд. 5 млн. 500 нызықь мааҭ;
- 2026–2028 шш. рзы Ареспублика Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара иазку Аинвестициатә программа аекономика аусхкқәа аҳәынҭқарратә дгылара рыҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа рфинансыркразы – 250 млн. мааҭ.
Абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь 2026 шықәса ареспубликатә биуџьет адкылара дахцәажәеит.
«Ҳара уажәы абиуџьет апараметрқәа зегьы ахьарбоу ареспубликатә биуџьет азы азакәан апроект ҳадаҳкылеит. Абиуџьет азы апарламенттә Еилакы иарбоу азакәан мҽхакы ҭбаала аус адулара мҩаԥнагеит. Ҳара инҭырҳәцааны абиуџьет ахашәалахәытәи аныхтәи астатиақәа зегьы ҳахәаԥшит. Аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалахәытә хәҭа – 19,5 млрд. мааҭ иреиҳауп, аныхтә хәҭа 20 млрд. мааҭ. Ҳара ҳҳәынҭқарратә биуџьет азы – ари изаамҭанытәиу арекорд ауп», – ҳәа иҳәеит иара.
Ареспубликатә биуџьет апараметрқәа ахашәалахәқәа рыла – 14,8 млрд. мааҭ иреиҳауп, аныхтәқәа рыла – 15,8 млрд. мааҭ иреиҳауп.
«Сара гәахәарыла иазгәасҭарц сҭахуп ҳбуџьет ахашәалахәытә хәҭа арбагақәа есааира аизҳара иадҳәалоу афакт, уи атәылаҿы иҟоу азҵаарақәа жәпакы рыӡбара алнаршоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Беслан Ҳалуашь.
Апрофильтә Еилакы ала еиқәыршәан абиуџьет ахашәалахәытәи аныхтә хәҭақәа рзы аиҭакрақәа еиқәыршәан.
«Ҳара ажәалагала ҟаҳҵеит ареспубликатә биуџьет ахашәалахәытә хәҭа 500 миллион мааҭ рыла ашьҭыхра. Аныхтә хәҭа ҳара убасҵәҟьа миллиардк мааҭ инеиҳаны зҭаххо аусмҩаԥгатәқәа рсиа алаҳгалеит. Ҳара изныкымкәа аилак аилатәарақәа мҩаԥаагон, мышкы 7-8 сааҭ аус аауан. Абиуџьет апараметрқәа рылацәажәара даара аимак-аиҿак ацны, аха убри аан аконструктивтә ҟазшьа аҭаны имҩаԥысуан», - ҳәа иҳәеит Беслан Ҳалуашь.






