Арӡынба Салыбеи Зосим-иԥа – Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы иԥсадгьыл аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы, апартиа «Амцахара» аԥҵараҿы илагалазы, атәыла ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара алахәхаразы данҭаха ашьҭахь ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара. Аҳамҭа идикылеит иара иԥа.
Аиба Гарик Григори-иԥа – аибашьра аамҭазы илшамҭа дуқәа, апартиа «Амцахара» аԥҵараҿы илагала, атәыла ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара дахьалахәыз азы данҭаха ашьҭахь ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара. Аҳамҭа идикылеит иара иԥа.
Џьапуа Баҭал Рушьни-иԥа – аибашьра аамҭазы илшамҭа дуқәа рзы, атәыла ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара дахьалахәыз, амилаҭтә сахьаркыратә культураҿы илагала ду азы «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ианашьоуп.
Гыцба Леванти Борис-иԥа – 1970–1980 шш. амилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҿы илагалазы, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аамҭазы илшамҭа дуқәа рзы «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ианашьоуп. Аҳамҭа лыдылкылеит иԥҳа.
Аԥсны Афырхаҵа Тәанба Виктор Шьалуа-иԥа –1992–1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа раан аԥсадгьыл аҿаԥхьа илшамҭа дуқәа рзы, апартиа «Амцахара» аԥҵараҿы илагалазы, иус гәык-ԥсыкала иазыҟазааразы, ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара иалахәхаразы «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара иоуит.
Аҩӡба Хьыкәыр Шьаадаҭ-иԥҳа – Очамчыратәи араионтә газеҭ «Ерцахә» аредакциаҿы шықәсырацәала лҵшәабзиала лусуразы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ланашьоуп.
Голанӡиа Вахтанг Владимир-иԥа – Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәеи аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәеи рзы илшамҭақәа рзы, атәыла ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара активла дахьалахәыз азы данҭаха ашьҭахь ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара. Аҳамҭа лыдылкылеит уи иԥҳа.
Еныкь Григори Раџьден-иԥа –аԥсадгьыл аҿаԥхьа илшамҭақәеи ауаажәларра-политикатә усуреи рзы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара иоуит.
Гыцба Руслан Рауф-иԥа – Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазалхратә маҵзура ашьақәгылареи аҿиареи рҿы илагалазы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьоуп.
Арӡынба Гарри Ҷыҷыкәа-иԥа – Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аамҭеи аибашьра ашьҭахьтәи аамҭеи рзы иԥсадгьыл аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьоуп. Аҳамҭа идикылеит иара иԥа.
Ахба Аслан Иаков-иԥа – аспорттә еихьӡара ҳаракқәеи Аԥсы абокс аҿиараҿы хаҭала илшамҭақәеи еиҵагыло аҿар рааӡараҿы илагалеи рзы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьоуп.
Чамагәуа Алеқсандр Ҳаџьараҭ-иԥа – шықәсырацәала ламысцқьала иусуреи, ипрофессионализм ҳараки, активла иҭҵаарадырра-практикатә усуреи рзы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьоуп.
Судак Николаи Максим-иԥа – шықәсырацәала ламысцқьала иусуразы, ипрофессионализм ҳарак азы, активла аҭҵаарадырра-техникатә усуразы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара иоуит.
Аинструменталтә ансамбль «Аԥхьарца» анапхгаҩы Ԥарулуа Даур Шьалодиа-иԥа – жәлар рҟазара аҿиараҿы хаҭалатәи илагала ду азы «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьоуп.






